Искандер иаԥхьахә сынтәатәи асиа маҷ аԥсуа шәҟәыҩҩцәа аднакылеит

© Sputnik / Владимир АстапковичФазиль Искандер
Фазиль Искандер - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.09.2021
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер иаԥхьахә шьаҭанаркит Урыстәыла ПЕН-центр 2016 шықәса нанҳәамзазы.
АҞӘА, цәыббра 2 - Sputnik. Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аԥхьахә аиҿкааратә еилакы ишьақәнарӷәӷәеит  аноминациақәа хәба рыла асиа маҷ. Абри атәы аанацҳауеит аԥхьахә асаит.
Фазиль Искандер, 1980 шш. - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.07.2021
Аԥсуаа мацара даҳтәымызт: Фазиль Искандер изкны
Сынтәатәи ашорт-бӷьыц иалоуп: Ибрагим Ҷкадуа "Ԥсҭазааратә мшык ма Фазиль Искандер" (аноминациа "Акиносценари, адраматургиа"), Гармелиа Наур – асахьаркыратә фильм "Арасашыӡ" асценари (аноминациа "Акиносценари, адраматургиа"), Даур Начҟьебиа – ажәабжьқәа "Акәырбан", "Аҵеиџь" (аноминациа "Хәы змам амазара").
Асиа ианылеит иара убасгьы апрозаикцәа, апоетцәа, акиносценаристцәа Москва, Санкт-Петербург, Екатеринбург, Иваново, Королиов, Красноиарск, Толиатти, Алматы (Ҟазахстан), Ереван (Ермантәыла), Кишиниов (Молдова), Кфар-Савы (Израиль), Минск (Беларусь), Аҟәа (Аԥсны), Ужгород (Украина) рҟынтәи. Фазиль Искандер иаԥхьахә шьаҭанаркит Урыстәыла ПЕН-центр 2016 шықәса нанҳәамзазы.
 "Фазиль Искандер ихьӡ зху аԥхьахә есышықәса еиҳа-еиҳа аҵакы шьҭыҵуеит. Ицәырҵуеит ахьӡ ҿыцқәа. Аицлабра рхы аладырхәуеит  Урыстәылеи анҭыҵи еицырдыруа ашәҟәыҩҩцәа. Дара рзы аҟаза ду ихьӡ лашароуп", - ҳәа иҳәеит  ПЕН-центр ахада, ажиури ахантәаҩы Евгени Попов.
ПЕН-центр ахада ихаҭыԥуаҩ, ажиури алахәыла  Борис Евсеев иҳәеит Фазиль Искандер ХХ-тәи ашәышықәса ашәҟәыҩҩцәа дуқәа Жорж Амаду, Хорхе Луис Борхес, Милорад Павич даарылукаауа дшыҟаз.
Фазиль Искандер - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2021
150-ҩык рҟынӡа Фазиль Искандер иаԥхьахә азы азыҳәақәа нарышьҭит
"Фазиль и-Аԥсны Урыстәыла иадҳәалоуп, адунеизегьтәи алитература-культуратә цәырҵроуп. Ҳаицлабраҿгьы аҭыԥ рымоуп еиуеиԥшым автортә  манерақәеи астильқәеи, аха урҭ зегь зымаҵ руа аиашара, аԥшӡара, агәыҭбаара роуп", - ҳәа иҳәоит Евсеев.
Алауреатцәа рыхьыӡқәа рҳәараны иҟоуп 2021 шықәса ԥхынҷкәынмзазы.
Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6, 1929 шықәса рзы, Аҟәа. 1954 шықәса рзы далгеит А. М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Ҩышықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс. 1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест "Созвездие Козлотура".
Искандер ирҿиамҭақәа ирылукаартә иҟоуп ароман "Сандро Чагьамтәи" (1973-1988, автобиографиатә ҩымҭа), аепос "Чик ихәыҷра", аповест "Ажьақәеи арқьымаҭқәеи", аессе-диалог "Урыстәыла иазхәыцуеи америкауаҩи", аповестқәа "Ауаҩи уи икәша-мыкәшеи", "Апоет", "Ауаҩы игыларҭа", "Софичка", ажәабжьқәа "Геракл ажәахатәи ифырхаҵара", "Алагамҭа" уҳәа егьырҭгьы.
Ажәабжьқәа зегьы
0