Аҟәа ақалақь амшын аԥшаҳәаҿы ахәаахәҭра ҭышәныртәалахоит

© SputnikВид на Сухумскую набережную
Вид на Сухумскую набережную  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2021
Анапаҵаҩра
2021 шықәса аԥхынтәи аамҭазы афатәхарахареи акьатеичымазаратә аҽкқәа раԥырҟәҟәааразы афатәааглых-тауарқәа рыла ахәаахәҭра аҭышәныртәалара хықәкны иҟаҵаны ауснагӡатәқәа мҩаԥгахоит.

АҞӘА, рашәара 22 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба инапы зҵеиҩҩыз Адҵа инақәыршәаны, Амҳаџьырқәеи  Диоскурааи рыԥшаҳәақәа иахьрыҵаркуа афатәааглых-лыҵқәа рыҭира аҭышәныртәаларазы. Абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара рсаит.

Ӡыла еиқәыршәам, ақалақьтә аӡцрыӡқәа  ирҿаԥшьым адәнытәи ахәҳаахәҭырҭатә ҭыԥқәа рҟны рыҭира ҟалоит:

  • арыжәтәқәа аџьбарра маҷны излоуи измами
  • аршәы
  • азауад аҿы иҭыжьу, ахатәы хҟьа змоу акондитер аалыҵқәа
  • ахатәы хҟьа змоу ачашылалых (ачабаба, ашәырқалмышьи ауҭраҭыхтәи гәлаҵеи змоу ачаџьқәа)
  • иҷыдоу аӡыгала иҷыҷу аџьықәреи (апоп-корн)
  • аџьықәреи жәны
  • аҭҭын-аалыҵ.

Ӡыла еиқәыршәоу, ақалақьтә аӡцрыӡқәа ирҿаԥшьу еиҭарымго адәнытә хәҳаахәҭырҭатә ҭыԥқәа рҟны рыҭира ҟалоит:

  • аршәы
  • азауад аҿы иҭыжьым зныкалатәи ахархәара змоу ачысмаҭәа иҭоу иџьбарами аџьбарра маҷны излоуи  арыжәтәқәеи, ачаии акаҳуеи
  • ауыҭраҭыхи ашәыри ирылху асалаҭқәа
  • асанитар-гигиенатә зин змоу афатәааглыхратә наплакқәеи ауаажәларратә крыфарачаратә наплакқәеи рҟынтәи ибжархиоу аалыҵқәа рынагӡа зырхиара, ихиоу аалыҵ арԥхара, аахәаҩ зныкалатәи ахархәара змоу чысмаҭәала иҭараан
  • агәылшь змамкәа азауад аҿы иҭрыжьуа акондитертә аалыҵ ма абри аус азы асанитар-гигиенатә зин змоу ахаланаплакҩы иҭижьуа аалыҵ.

Адокумент азин ҟанаҵом рыҭира:

  • афатә-ца
  • иаарту амцаҿы идырхио афатә
  • акондитертә аалыҵ
  • ашьақар-бымба

Аҟәатәи асанитартә епедимиологиатә усбарҭақәа анапы ианҵоуп аамҭа-аамҭала акоммерциатә еиҿкаарақәеи ахатәнаплакқәеи Адҵа шынарыгӡо азы ргәаҭара. Адҵа анагӡашьазы ахылаԥшра инапы ианҵоуп ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамур Ашәба.

Адокумент амчра аиуеит ианыркьыԥхь инаркны бжьымш рыҩныҵҟа. Адокумент кьыԥхьуп Аҟәа ахадара асаит аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0