Аԥснытәи аушьҭымҭацәа IT-центр "Сириус" аҿы аҵара рҵалоит

© Sputnik / Артур Лебедев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГосдума приняла закон о федеральной территории "Сириус"
Госдума приняла закон о федеральной территории Сириус - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.09.2021
Анапаҵаҩра
Арҵаратә центр "Сириус" аԥҵан 2015 шықәсазы Владимир Путин иаԥшьгамҭала аҟыбаҩ бзиа змоу ахәыҷқәа рзы.
АҞӘА, цәыббра 1 - Sputnik. Аԥснытәи аушьҭымҭацәа арҵаратә Центр "Сириус" аҿы ҿыц иаадыртыз  IT-коллеџь аҵара рҵалоит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-центр.
Эмилия Терзян-Хагба - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.10.2018
Аԥснытәи аскрипкарҳәаҩ қәыԥш ацентр "Сириус" аҿы лҽазыҟалҵалоит
Аколлеџь аҿы аҵара рҵалоит 70-ҩык астудентцәа урыстәылатәи ақалақьқәа 22 рҟынтәи. Астудентцәа рыдкылара иалагеит 2021 шықәса жәабранмзазы 55 биуџьеттәии 55 коммерциатәи ҭыԥқәа рахь.
Аԥснытәи абитуриентцәа ралкаара  мҩаԥысуан Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрраҿы.
"Сириус" арҵаратә комплекс ҿыц IT-коллеџь аҟны аҵара рҵалоит 70-ҩык астудентцәа урыстәылатәи ақалақьқәа 22 рҟынтәи: Краснодартәи атәылаҿацә инаркны Буриатианӡеи, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟынтәии" ҳәа аҳәоит "Сириус" апресс-маҵзура адырраҭараҿы.
Астудентцәа ироуеит алшара аилахәыра дуқәа Сириус ИС, Ростех, Postgres Professional, ВКонтакте, Тинькофф, Ростелеком рекспертцәа аус рыцура.
Аколлеџь аҿы арҵаратә процесс хышықәса ицоит. Ахәыҷқәа х-занааҭк рыла аҵара роурц рылшоит: акомпиутертә системақәеи акомплексқәеи; аҳатәи асистематәи анапхгараҭара; аинформациатә системақәеи апрограммаҟаҵареи. Аколлеџь астудентцәа азеиԥшнхарҭаҿ инхалоит, есымзатәи астипендиа роулоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0