Аскульптор иҟазарҭаҟны

Анапаҵаҩра
Аскульптор Амиран Адлеиба иҟазарҭа ҳаҭааит.

Аскульптор изанааҭ алхраҿы Амиран Адлеиба иан дылҿыԥшит.

"Сан ибзиаӡаны анхара-анҵыра лнапы иадыруан. Иҟалҵоз зегьы асахьаҭыхҩы иеиԥш дацклаԥшуан. 60-70-тәи ашқәсқәа рзы аҩныргыларатә маҭәахәқәа аныҟамыз аҩныргәы ҟалҵон анышәаԥшьи аԥслымӡи еилаҵаны. Убри шыҟалҵоз сара избон, аинтересгьы шьҭысхуа салагеит. Ус еиԥш аҩныргәқәа џьара-џьара избахьан, аха акыр иуарлашәарлоуп", — иҳәеит аскульптор.

Аскульптор иҳәеит уи иҟазара шьаҭас ишамоу иара убас, дахьиз ақыҭа.

"Акырытнтә сазхәыцхьеит аскульпторра аус сабантәалагеи, избан ари азанааҭ залысхи ҳәа. Са сахьиз сахьааӡаз ақыҭа Ҷлоу аԥсабара даара иԥшӡоуп амшын схыԥшылоит. Сахьынхо хә-ҳаракыроуп, абри аԥсабаратә цәырҵрақәа ракәзар ҟалап сзанааҭ ашьҭыхраҿы анырра ҟазҵаз.  Акырынтә схы сазынхон, бзиа избон аԥсабареи сареи ҳанеизаанхоз, уи еснагь исныруан", — иҳәеит аскульптор.

 

 

© Sputnik / Томас ТхайцукАскульптура анышәаԥшь иалырхуеит.
Амиран Адлеиба: скульпторны сыҟалара сан лоуп изыбзоуроу - Sputnik Аҧсны
1/10
Аскульптура анышәаԥшь иалырхуеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАскульптор астек ала анышәаԥшь аус адиулоит.
Амиран Адлеиба: скульпторны сыҟалара сан лоуп изыбзоуроу - Sputnik Аҧсны
2/10
Аскульптор астек ала анышәаԥшь аус адиулоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАнышәаԥшь ала аскульптура андырхиалак, уи агипс ахь ииаргоит.
Амиран Адлеиба: скульпторны сыҟалара сан лоуп изыбзоуроу - Sputnik Аҧсны
3/10
Анышәаԥшь ала аскульптура андырхиалак, уи агипс ахь ииаргоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАскульптор аҳәызба хәыҷ ала агипс ицәуеит.
Амиран Адлеиба: скульпторны сыҟалара сан лоуп изыбзоуроу - Sputnik Аҧсны
4/10
Аскульптор аҳәызба хәыҷ ала агипс ицәуеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҟаза аус злаиуа амаҭәахәқәа.
Амиран Адлеиба: скульпторны сыҟалара сан лоуп изыбзоуроу - Sputnik Аҧсны
5/10
Аҟаза аус злаиуа амаҭәахәқәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАскульптура мазеихоит уи агипс ашьҭахь аџьаз ахь ианиаргалак.
Амиран Адлеиба: скульпторны сыҟалара сан лоуп изыбзоуроу - Sputnik Аҧсны
6/10
Аскульптура мазеихоит уи агипс ашьҭахь аџьаз ахь ианиаргалак.
© Sputnik / Томас ТхайцукАмиран Адлеиба 1937-тәи ашықәс иазку акомпозициа раԥхьатәи аескиз аус адиулоит.
Амиран Адлеиба: скульпторны сыҟалара сан лоуп изыбзоуроу - Sputnik Аҧсны
7/10
Амиран Адлеиба 1937-тәи ашықәс иазку акомпозициа раԥхьатәи аескиз аус адиулоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукРаԥхьатәи аескиз аҟаҵаразы аҟаза ихы иаирхәоит апластилин.
Амиран Адлеиба: скульпторны сыҟалара сан лоуп изыбзоуроу - Sputnik Аҧсны
8/10
Раԥхьатәи аескиз аҟаҵаразы аҟаза ихы иаирхәоит апластилин.
© Sputnik / Томас ТхайцукАскульптор иажәақәа рыла, уи иԥсы ахьишьо иԥсҭазаара аиҳарак ахьымҩаԥысуа аҟазарҭаҿы ауп.
Амиран Адлеиба: скульпторны сыҟалара сан лоуп изыбзоуроу - Sputnik Аҧсны
9/10
Аскульптор иажәақәа рыла, уи иԥсы ахьишьо иԥсҭазаара аиҳарак ахьымҩаԥысуа аҟазарҭаҿы ауп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАмиран Адлеиба 35 шықәса инареиҳаны аскульптура аус иазикхьеит. Уи Александр Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аиҳабыс аус иуеит.
Амиран Адлеиба: скульпторны сыҟалара сан лоуп изыбзоуроу - Sputnik Аҧсны
10/10
Амиран Адлеиба 35 шықәса инареиҳаны аскульптура аус иазикхьеит. Уи Александр Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аиҳабыс аус иуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0