Бзыԥҭатәи аҽырҩырҭаҿы Аиааира 25 шықәса ахыҵра иазку аҽырхәмаррақәа

Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи атурнир "Аԥсны ахада ихраҿа" мҩаԥысит Бзаԥҭаҭәи аҽырҩырҭаҿы.

Атәыла араионқәа зегьы рҟынтә арҭ аҽырыҩрақәеи аҽырхәмаррақәеи ирылахәхарц иааит аҽыҩцәа. Атурнир иалагеит Аԥсны абираҟ ашьҭыхрала. Анаҩс акәашаратә коллективқәа злахәыз аныҳәатә концерт мҩаԥган.

Аҵәыршәразы раԥхьа ашҭа иқәлеит Лыхааи Кәтолааи. Уи ашьҭахь быжь-дистанциак рыла аҽырыҩра мҩаԥысит, анаҩс аҽырхәмаррақәа ирылагеит. 


© Sputnik Константин ГрецовБзыԥҭатәи аҽырҩырҭаҿы Аиааира 25 шықәса ахыҵра иазку аҽырхәмаррақәа мҩаԥысит.
Международный турнир по конному спорту в Бзыпте - Sputnik Аҧсны
1/14
Бзыԥҭатәи аҽырҩырҭаҿы Аиааира 25 шықәса ахыҵра иазку аҽырхәмаррақәа мҩаԥысит.
© Sputnik Константин ГрецовАтурнир Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 25 шықәа ахыҵра иазкуп.
Международный турнир по конному спорту в Бзыпте - Sputnik Аҧсны
2/14
Атурнир Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 25 шықәа ахыҵра иазкуп.
© Sputnik Константин Грецов"Аԥсны ахада ихраҿа" ҳәа хьӡыс измаз атурнир хацыркхеит амилаҭтә акәашаратә, ашәаҳәаратә ансамбльқәа рықәгыларала.
Международный турнир по конному спорту в Бзыпте - Sputnik Аҧсны
3/14
"Аԥсны ахада ихраҿа" ҳәа хьӡыс измаз атурнир хацыркхеит амилаҭтә акәашаратә, ашәаҳәаратә ансамбльқәа рықәгыларала.
© Sputnik Константин ГрецовАҽырыҩра иахәаԥшырц ауаа рацәа еизеит.
Международный турнир по конному спорту в Бзыпте - Sputnik Аҧсны
4/14
Аҽырыҩра иахәаԥшырц ауаа рацәа еизеит.
© Sputnik Константин ГрецовАҵәыршәразы раԥхьа ашҭа иқәлеит Лыхааи Кәтолааи. Афото аҟны: лыхнытәи аҽыҩ аҵәыршәара иҽазикуеит.
Международный турнир по конному спорту в Бзыпте - Sputnik Аҧсны
5/14
Аҵәыршәразы раԥхьа ашҭа иқәлеит Лыхааи Кәтолааи. Афото аҟны: лыхнытәи аҽыҩ аҵәыршәара иҽазикуеит.
© Sputnik Константин ГрецовАхәаԥшцәа акы ак рывшәомызт, азҿлымҳара ду аадырԥшуан.
Международный турнир по конному спорту в Бзыпте - Sputnik Аҧсны
6/14
Ахәаԥшцәа акы ак рывшәомызт, азҿлымҳара ду аадырԥшуан.
© Sputnik Константин ГрецовАҵәыршәраҿы кәтолаа аиааира ргеит.
Международный турнир по конному спорту в Бзыпте - Sputnik Аҧсны
7/14
Аҵәыршәраҿы кәтолаа аиааира ргеит.
© Sputnik Константин ГрецовАҵәыршәара аамышьҭахь аҽырыҩра иалагеит.
Международный турнир по конному спорту в Бзыпте - Sputnik Аҧсны
8/14
Аҵәыршәара аамышьҭахь аҽырыҩра иалагеит.
© Sputnik Константин ГрецовАҽырыҩра аинтерес ду рызцәырнагоит аҷкәынцәа хәыҷқәа.
Международный турнир по конному спорту в Бзыпте - Sputnik Аҧсны
9/14
Аҽырыҩра аинтерес ду рызцәырнагоит аҷкәынцәа хәыҷқәа.
© Sputnik Константин ГрецовИааидкыланы быжь-дистанциак рҟны еиԥхныҩуан аҽқәа.
Международный турнир по конному спорту в Бзыпте - Sputnik Аҧсны
10/14
Иааидкыланы быжь-дистанциак рҟны еиԥхныҩуан аҽқәа.
© Sputnik Константин ГрецовАҽырыҩра иахәаԥшырц иааит аҭыԥҳацәа хәыҷқәагьы.
Международный турнир по конному спорту в Бзыпте - Sputnik Аҧсны
11/14
Аҽырыҩра иахәаԥшырц иааит аҭыԥҳацәа хәыҷқәагьы.
© Sputnik Константин ГрецовКилометрак иҟоу адистанциаҿы аиааира игеит Осман Чхьебелиа.
Международный турнир по конному спорту в Бзыпте - Sputnik Аҧсны
12/14
Километрак иҟоу адистанциаҿы аиааира игеит Осман Чхьебелиа.
© Sputnik Константин ГрецовАхәаԥшцәа ирбаз иалацәажәоит.
Международный турнир по конному спорту в Бзыпте - Sputnik Аҧсны
13/14
Ахәаԥшцәа ирбаз иалацәажәоит.
© Sputnik Константин ГрецовАҽырыҩраҿы аиааира згақәаз рҳамҭақәа ранаршьоит. Дистанциацыԥхьаӡа аиааира згақәаз иранаршьон хҩык Аԥсны ахадацәа рыхраҿақәеи, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ ихраҿа, Аиааира 25 шықәса ахыҵра ахраҿа уҳәа егьырҭгьы.
Международный турнир по конному спорту в Бзыпте - Sputnik Аҧсны
14/14
Аҽырыҩраҿы аиааира згақәаз рҳамҭақәа ранаршьоит. Дистанциацыԥхьаӡа аиааира згақәаз иранаршьон хҩык Аԥсны ахадацәа рыхраҿақәеи, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ ихраҿа, Аиааира 25 шықәса ахыҵра ахраҿа уҳәа егьырҭгьы.
Ажәабжьқәа зегьы
0