Хәаԥ ажьҭаара аԥскымҭазы

Анапаҵаҩра
Аԥсны жьҭаарамзазы, амза ахьӡ ишаҳәо еиԥш, ажьҭаара иаԥскымҭоуп. Жәытә-натә аахыс аԥсуаа ажь аҵла, еиҳарак ал, иқәҵаны ирааӡон. Уи ажь агьама иаҳагьы иархаауеит ҳәа ирыԥхьаӡон.

Хәаԥ ақыҭан инхо Ешсоу Гәажәба идгьыл аҿы имоуп 90 инареиҳаны ажь зқәу алқәа. Иара махәҿала мацара илшоит зоура 25 метра иҟоу ал дхаланы ажь аҭаара.

Аԥсуа ҩы - адунеи аҟны зегь раԥхьа ицәырҵыз арыжәтәқәа иреиуоуп. Аԥсны иԥшаан ажь агәаӷьқәа зҭаԥсаз, ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа III—II азқьышықәсақәа рахь иаҵанакуа аирыӡқәа.

Шамахамзар аԥсуа ҩнаҭацыԥхьаӡа аҩы ҭарҭәоит. Раԥхьа излалаго, хымԥада, ажьҭааралоуп. Зны уи ҭарыԥсоит жәытә-натә аахыс аԥсуаа рхы иадырхәоз ишышны иҟарҵоз амҿтәы мҵәышә. Уи еизыхәхәоу аформа замоу хыхьынтәи ажь ҭаԥсаны ианыларышьҭуа, абӷьқәа ԥырхага анамҭарц азоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

© Sputnik / Томас ТхайцукХәаԥ ақыҭан инхо Ешсоу Гәажәба ажь аҵлақәа ирықәҵаны имоуп.
Хәаԥ ажьҭаара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
1/15
Хәаԥ ақыҭан инхо Ешсоу Гәажәба ажь аҵлақәа ирықәҵаны имоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукЕшсоу иааӡоит аԥсуа ажьхкы аҳардан.
Хәаԥ ажьҭаара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
2/15
Ешсоу иааӡоит аԥсуа ажьхкы аҳардан.
© Sputnik / Томас ТхайцукХәаԥ ақыҭан инхо Ешсоу Гәажәбеи Роланд Занҭариеи.
Хәаԥ ажьҭаара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
3/15
Хәаԥ ақыҭан инхо Ешсоу Гәажәбеи Роланд Занҭариеи.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҵла иқәланы ажь анырҭаауа уи еизыхәхәоу аформа змоу, ишышу амҿтәы мҵәышә иҭарыԥсоит.
Хәаԥ ажьҭаара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
4/15
Аҵла иқәланы ажь анырҭаауа уи еизыхәхәоу аформа змоу, ишышу амҿтәы мҵәышә иҭарыԥсоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукЕшсоу Гәажәба махәҿала мацара аҵла дхалоит.
Хәаԥ ажьҭаара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
5/15
Ешсоу Гәажәба махәҿала мацара аҵла дхалоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукИара ажь иҭаауеит 25 метра аҳаракыраҟны.
Хәаԥ ажьҭаара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
6/15
Иара ажь иҭаауеит 25 метра аҳаракыраҟны.
© Sputnik / Томас ТхайцукЕизыргаз ажь иахьыцәаакырам ишьҭарҵоит.
Хәаԥ ажьҭаара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
7/15
Еизыргаз ажь иахьыцәаакырам ишьҭарҵоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукИҭеигалаз аҽаҩра Ешсоу иаразнак аҩы алихӡом.
Хәаԥ ажьҭаара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
8/15
Иҭеигалаз аҽаҩра Ешсоу иаразнак аҩы алихӡом.
© Sputnik / Томас ТхайцукИрҭааз ажь иахьыцәаакырам аҭыԥ аҿы быжьба-ааба мшы ишьҭазароуп.
Хәаԥ ажьҭаара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
9/15
Ирҭааз ажь иахьыцәаакырам аҭыԥ аҿы быжьба-ааба мшы ишьҭазароуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАжь еиқәаҵәҳаҳараӡа афҩы лаҳалаҳауа ихнамхуа дыҟамзар ҟалап.
Хәаԥ ажьҭаара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
10/15
Ажь еиқәаҵәҳаҳараӡа афҩы лаҳалаҳауа ихнамхуа дыҟамзар ҟалап.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҩы аҟаҵаразы, Ешсоу ахәага ажь ҭаԥсо ахәара далагоит. Уантәи ажь шиашоу ачан ахь иҭаԥсоит.
Хәаԥ ажьҭаара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
11/15
Аҩы аҟаҵаразы, Ешсоу ахәага ажь ҭаԥсо ахәара далагоит. Уантәи ажь шиашоу ачан ахь иҭаԥсоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАжь анихәалак иалҵуа ашәырӡи ажь ҟәаҟәеи рмасса иахьӡуп ажьаӷь.
Хәаԥ ажьҭаара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
12/15
Ажь анихәалак иалҵуа ашәырӡи ажь ҟәаҟәеи рмасса иахьӡуп ажьаӷь.
© Sputnik / Томас ТхайцукУаанӡа аԥсуаа ажь аиаҳәа иҭаԥсаны акәын аҩы шыҟарҵоз.
Хәаԥ ажьҭаара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
13/15
Уаанӡа аԥсуаа ажь аиаҳәа иҭаԥсаны акәын аҩы шыҟарҵоз.
© Sputnik / Томас ТхайцукИанеиҵеиҵалак ашьҭахь актәи амчыбжь аан ажьаӷь иаҵыҵуеит излоу амаҷар - ажьтә шәырӡ.
Хәаԥ ажьҭаара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
14/15
Ианеиҵеиҵалак ашьҭахь актәи амчыбжь аан ажьаӷь иаҵыҵуеит излоу амаҷар - ажьтә шәырӡ.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҩы бзиан иҟаларц азы, ажьаӷь еиҵазароуп ҩба-хԥа мчыбжьы иреиҵамкәа.
Аҩцара - Sputnik Аҧсны
15/15
Аҩы бзиан иҟаларц азы, ажьаӷь еиҵазароуп ҩба-хԥа мчыбжьы иреиҵамкәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0