Рыԥсы ӡаны: Аԥсны атәылауаа аҭагылазаашьа ҷыдазы

Анапаҵаҩра
Аԥсны хәажәкыра 28 инаркны аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп. Атәыла изҭалом аҳәаанырцә тәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи.

Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба инапы зҵаҩыз аусдҵаҿы иаҳәоит: 2020 шықәса хәажәкыра 28 асааҭ 00:00 инаркны 2020 шықәса мшаԥы 20 асааҭ 00:00 аҟынӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыра зегь аҿы аҭагылазаашьа ҷыда алагалазааит ҳәа.

Мшаԥымза 20-нӡа ауаа рацәа ахьеизо аизарақәеи, амитингқәеи, аныҟәарақәеи, еиуеиԥшым ақәгыларақәа рымҩаԥгара аанкылоуп, иара убас
акультуратә, аспорттә, алахҿыхратә уснагӡатәқәа, ацәыргақәҵақәа, ачарақәеи, егьыс баша агәырӷьаратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы аԥкрақәа алагалоуп. Русура аанкылоуп  акрыфарҭақәеи, ақаҳуажәырҭақәеи. Ауаажәларратә транспорт ныҟәаӡом.

Хәажәкыра 29 инаркны мшаԥымза 20 рҟынӡа асасааирҭақәеи, аԥсшьаратәи ахатә ҩнқәеи рҟны аԥсшьаҩцәа рыдкылара аанкылазарц.

Мшаԥымза 10 рҟынӡа ашколқәранӡатәи ашколхәыҷқәеи рзы аԥсшьаратә аамҭа иацҵоуп. Иара убас, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети, Аҟәатәи иаарту аинститути, абжьаратә ҵараиурҭақәеи рҟны аҵаратә процесс аанкылоуп.

Аԥсны акоронавирус аҿагылара шцо атәы шәаԥхьар шәылшоит абра>> 

 

© Sputnik / Томас ТхайцукАтәыла аҩнуҵҟа аҭагылазаашьа ҷыда алагаларазы адҵа инапы аҵаиҩит хәажәкыра 28 инаркны мшаԥы 20 рҟынӡа, акоронавирустә ҿкы аламырҵәара хықәкыс иҟаҵаны.
Первый день карантина из-за коронавируса - Sputnik Аҧсны
1/17
Атәыла аҩнуҵҟа аҭагылазаашьа ҷыда алагаларазы адҵа инапы аҵаиҩит хәажәкыра 28 инаркны мшаԥы 20 рҟынӡа, акоронавирустә ҿкы аламырҵәара хықәкыс иҟаҵаны.
© Sputnik / Томас ТхайцукАдәқьанқәа рҟны иаԥҵоуп аԥҟарақәа, агәаран иқәгыло рхыԥхьаӡара ҩыџьа-хҩык иреиҳамзар ауп. Аилагарақәа ҟамларцаз аусзуҩцәа агәцаракра аадырԥшуеит.
Первый день карантина из-за коронавируса - Sputnik Аҧсны
2/17
Адәқьанқәа рҟны иаԥҵоуп аԥҟарақәа, агәаран иқәгыло рхыԥхьаӡара ҩыџьа-хҩык иреиҳамзар ауп. Аилагарақәа ҟамларцаз аусзуҩцәа агәцаракра аадырԥшуеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны аиҳабыра русынҵа инақәыршәаны ауаа рацәа ахьеизо лассы-лассы азҩыдатәра мҩаԥгалатәуп.
Первый день карантина из-за коронавируса - Sputnik Аҧсны
3/17
Аԥсны аиҳабыра русынҵа инақәыршәаны ауаа рацәа ахьеизо лассы-лассы азҩыдатәра мҩаԥгалатәуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАдәқьанқәа рҟны арзҩыдатәқәа рнапы иақәырҭәоит.
Первый день карантина из-за коронавируса - Sputnik Аҧсны
4/17
Адәқьанқәа рҟны арзҩыдатәқәа рнапы иақәырҭәоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАфатә азымхара ҳәа акгьы ыҟам адәқьанқәа рҟны.
Первый день карантина из-за коронавируса - Sputnik Аҧсны
5/17
Афатә азымхара ҳәа акгьы ыҟам адәқьанқәа рҟны.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҳақьымцәа абжьгарақәа ҟарҵоит арезинатә напхазқәа рымхазарц, иара убас асабрадақәа рҿадыршәарц.
Первый день карантина из-за коронавируса - Sputnik Аҧсны
6/17
Аҳақьымцәа абжьгарақәа ҟарҵоит арезинатә напхазқәа рымхазарц, иара убас асабрадақәа рҿадыршәарц.
© Sputnik / Томас ТхайцукАуаа арҭ амшқәа рзы еиҳа иаархәо - арзҩыдатә маҭәашьарқәеит, асабрадақәеи роуп.
Первый день карантина из-за коронавируса - Sputnik Аҧсны
7/17
Ауаа арҭ амшқәа рзы еиҳа иаархәо - арзҩыдатә маҭәашьарқәеит, асабрадақәеи роуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҵәахырҭатә банкқәеи, адәқьанқәеи асабрадақәа рыда аҩналара ҟалом.
Первый день карантина из-за коронавируса - Sputnik Аҧсны
8/17
Аҵәахырҭатә банкқәеи, адәқьанқәеи асабрадақәа рыда аҩналара ҟалом.
© Sputnik / Томас ТхайцукАмамзаара зыхьӡаз ацхыраара рырҭоит, адәқьанқәак рҟны афатә зҭаху рзы еиҿкаауп иҷыдоу акәакь.
Первый день карантина из-за коронавируса - Sputnik Аҧсны
9/17
Амамзаара зыхьӡаз ацхыраара рырҭоит, адәқьанқәак рҟны афатә зҭаху рзы еиҿкаауп иҷыдоу акәакь.
© Sputnik / Томас ТхайцукХәажәкыра 28 инаркны Аԥсны аџьармыкьақәа зегьы аркуп.
Первый день карантина из-за коронавируса - Sputnik Аҧсны
10/17
Хәажәкыра 28 инаркны Аԥсны аџьармыкьақәа зегьы аркуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукГәдоуҭатәи аџьармыкьагьы аусура аанкылоуп.
Первый день карантина из-за коронавируса - Sputnik Аҧсны
11/17
Гәдоуҭатәи аџьармыкьагьы аусура аанкылоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАмҩадуқәа рҟны ауаа маҷхеит.
Первый день карантина из-за коронавируса - Sputnik Аҧсны
12/17
Амҩадуқәа рҟны ауаа маҷхеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи амшын аԥшаҳәа есымша иҭәын, ирацәаҩын аҿар, анацәа, абдуцәа ахәыҷқәа рыманы инаиааиуаз, иара ус башагьы аӡәгьы дыубом уажәы.
Первый день карантина из-за коронавируса - Sputnik Аҧсны
13/17
Аҟәатәи амшын аԥшаҳәа есымша иҭәын, ирацәаҩын аҿар, анацәа, абдуцәа ахәыҷқәа рыманы инаиааиуаз, иара ус башагьы аӡәгьы дыубом уажәы.
© Sputnik / Томас ТхайцукИара убас аԥкрақәа алагалоуп аизарақәеи аныҟәарақәеи рымҩаԥгара аганахьалагьы.
Первый день карантина из-за коронавируса - Sputnik Аҧсны
14/17
Иара убас аԥкрақәа алагалоуп аизарақәеи аныҟәарақәеи рымҩаԥгара аганахьалагьы.
© Sputnik / Томас ТхайцукАкаҳуажәырҭақәеи ақьафурҭақәеи аркуп, аӡәгьы дрыдыркылом, амала иҟоуп акрыфарҭақәа афатә аҩныҟа иназго.
Первый день карантина из-за коронавируса - Sputnik Аҧсны
15/17
Акаҳуажәырҭақәеи ақьафурҭақәеи аркуп, аӡәгьы дрыдыркылом, амала иҟоуп акрыфарҭақәа афатә аҩныҟа иназго.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны атеатрқәа аонлаин-проектқәа ирылагеит, ус русура аанкылоуп азы.
Первый день карантина из-за коронавируса - Sputnik Аҧсны
16/17
Аԥсны атеатрқәа аонлаин-проектқәа ирылагеит, ус русура аанкылоуп азы.
© Sputnik / Томас ТхайцукАтәылаҟны аус ауам ауажәларратә транспорт, иахьыуҭаху узцоит атакси ала.
Первый день карантина из-за коронавируса - Sputnik Аҧсны
17/17
Атәылаҟны аус ауам ауажәларратә транспорт, иахьыуҭаху узцоит атакси ала.
Ажәабжьқәа зегьы
0