Раԥхьатәи аихшьалақәа: Аԥсны ахәбатәи ахада имшқәа шәкы рхаҿра

Анапаҵаҩра
Аԥсны ахәбатәи ахада Аслан Бжьаниа инапынҵақәа рынагӡара далагеит мшаԥымза 23 инаркны. Атәыла ахадас иусура мшышәк ахыҵит, реиҳа иалкаау ахҭысқәа - Sputnik афотоҭыхымҭақәа рҟны.

Аслан Бжьаниа Аԥсны хадас далхын 2020 шықәса хәажәкырамзазы. Уи аԥхьа имҩаԥган аҿагыларатә акциақәа, цәыббрамзазы имҩаԥгаз алхрақәа рылҵшәақәа иашам ҳәа иазгәаҭан, Рауль Ҳаџьымба инапынҵақәа шьҭеиҵеит.

Хәажәкырамзазы имҩаԥган Аԥсны ахада иеиҭалхрақәа. Аслан Бжьаниа - 53741 бжьы (56,5%) иманы алхрақәа дыриааиуеит, конкурентс диман уаанӡатәи аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

Аслан Бжьаниа официалла инапынҵақәа рынагӡара далагеит мшаԥымза 23 инакрны, имҩаԥгаз аинугурациа ашьҭахь. Аҭоубашьҭаҵара мҩаԥган ауаа рацәа адымгалакәа, усҟан Аԥсны иалагалаз акоронавируса аламырҵәаразы аԥкрақәа ирхьырԥшны.

Аԥсны ахада ҿыц Аслан Бжьаниа ҭоуба шьҭеиҵеит,  аԥыза-министрс дҟаиҵеит Александр Анқәаб, Аиҳабыра аструктура ҿыц шьакәирӷәӷәеит , акоронавирус инадҳәаланы атәылаҿ иалагалаз аҭагылазаашьа ҷыда аԥихит, Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аркразы иҟоу аԥкрақәа ирыциҵеит, Москваҟа изныкымкәа усутә ныҟәарала дцеит - абарҭқәа зегьы мшышәк ирҭагӡаны.

 

 

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраҲаџьымба имаҵура шаанижьуа азы арзаҳал иҩит ажьырныҳәа 12 рзы, хымш раԥхьа излагаз аҿагыларатә акциақәа рышьҭахь, уи  аԥхьа аӡбарҭа аӡбамҭа аднакылеит цәыббрамзазы имҩаԥгаз Атәыла ахада иалхрақәа рылҵшәақәа закәандоуп ҳәа.
Афото аҟны: Аслан Бжьаниа ахада иусбарҭа ахыбра аԥхьа.
Акция протеста в Абхазии - Sputnik Аҧсны
1/14
Ҳаџьымба имаҵура шаанижьуа азы арзаҳал иҩит ажьырныҳәа 12 рзы, хымш раԥхьа излагаз аҿагыларатә акциақәа рышьҭахь, уи  аԥхьа аӡбарҭа аӡбамҭа аднакылеит цәыббрамзазы имҩаԥгаз Атәыла ахада иалхрақәа рылҵшәақәа закәандоуп ҳәа.
Афото аҟны: Аслан Бжьаниа ахада иусбарҭа ахыбра аԥхьа.
© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраХәажәкыра 22 рзы имҩаԥган Атәыла ахада иалхрақәа. Аслан Бжьаниа - 53741 бжьы (56,5%) иманы алхрақәа рҿы даиааиуеит.
П/к кандидата в президенты Абхазии А. Бжании - Sputnik Аҧсны
2/14
Хәажәкыра 22 рзы имҩаԥган Атәыла ахада иалхрақәа. Аслан Бжьаниа - 53741 бжьы (56,5%) иманы алхрақәа рҿы даиааиуеит.
© Sputnik / Константин Грецов Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит аҳәаанырцәтәи асасцәа рыда, мшаԥымза 23 рзы, Аҟәа.
Церемония инаугурации избранного президента Абхазии Аслана Бжания - Sputnik Аҧсны
3/14
Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит аҳәаанырцәтәи асасцәа рыда, мшаԥымза 23 рзы, Аҟәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҭоубашьҭаҵара ашьҭахь ахада инапынҵақәа назыгӡоз Валери Бганба Аслан Бжьаниа инапаҿы ииркит аҳәынҭқарратә мчра асимволқәа – агерб зну амҳәырқәа, абираҟ, алабашьа, аҳәа.
Церемония инаугурации избранного президента Абхазии Аслана Бжания - Sputnik Аҧсны
4/14
Аҭоубашьҭаҵара ашьҭахь ахада инапынҵақәа назыгӡоз Валери Бганба Аслан Бжьаниа инапаҿы ииркит аҳәынҭқарратә мчра асимволқәа – агерб зну амҳәырқәа, абираҟ, алабашьа, аҳәа.
© Foto / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАслан Бжьаниа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 75-шықәса ахыҵра апарад далахәын Москва.
Прибытие глав иностранных государств в Московский Кремль - Sputnik Аҧсны
5/14
Аслан Бжьаниа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 75-шықәса ахыҵра апарад далахәын Москва.
© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАслан Бжьаниа Аиааира апарад ахь ааԥхьара ииҭеит урыстәылатәи иколлега Владимир Путин.
Встреча глав иностранных государств президентом РФ В. Путиным в Кремле - Sputnik Аҧсны
6/14
Аслан Бжьаниа Аиааира апарад ахь ааԥхьара ииҭеит урыстәылатәи иколлега Владимир Путин.
© Foto / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәылеи, Аԥсни, Таџьыкисҭани, Молдавиеи, Белоруссиеи рхадацәа Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Президент РФ В. Путин на церемонии возложения цветов к Могиле Неизвестного солдата - Sputnik Аҧсны
7/14
Урыстәылеи, Аԥсни, Таџьыкисҭани, Молдавиеи, Белоруссиеи рхадацәа Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
© Foto / пресс-служба Президента Республики Абхазия Аԥсны арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа аполигон Ҵабал имҩаԥысуаз Урыстәылеи Аԥсни рыруаа рҽазыҟаҵарақәа дырҭааит.
Совместные учения в Абхазии   - Sputnik Аҧсны
8/14
Аԥсны арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа аполигон Ҵабал имҩаԥысуаз Урыстәылеи Аԥсни рыруаа рҽазыҟаҵарақәа дырҭааит.
© Foto / пресс-служба Президента Республики Абхазия Бжьаниа аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥысшьа бзиоуп ҳәа азгәеиҭеит.
Совместные учения в Абхазии   - Sputnik Аҧсны
9/14
Бжьаниа аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥысшьа бзиоуп ҳәа азгәеиҭеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукԤхынгәы 20 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа дидикылеит.
Встреча президента Аслана Бжания с Хиблой Герзмава - Sputnik Аҧсны
10/14
Ԥхынгәы 20 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа дидикылеит.
© Foto / Официальный сайт Президента АбхазииАԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа еицырдыруа акаҳуажәырҭа "Брехаловка" даҭаауеит лассы-лассы.
Президент Аслан Бжания и вице-президент Бадра Гунба  сегодня посетили одно из знаковых мест Сухума - кафе «Брехаловка» - Sputnik Аҧсны
11/14
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа еицырдыруа акаҳуажәырҭа "Брехаловка" даҭаауеит лассы-лассы.
© Sputnik / Томас ТхайцукԤхынгәы 2 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа официалла атәыла ахадас дҟалеижьҭеи раԥхьатәи апресс-конференциа мҩаԥигеит. Уахь инаԥхьан Аԥсны АИХқәа зегьы. Ҩ-сааҭк инарзынаԥшуа ицоз аицәажәараан Бжьаниа 31 зҵаара рҭак ҟаиҵеит: апандемиеи аекономикеи инадыркны ԥхьаҟатәи аамҭақәа рылацәажәараҟынӡа.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны
12/14
Ԥхынгәы 2 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа официалла атәыла ахадас дҟалеижьҭеи раԥхьатәи апресс-конференциа мҩаԥигеит. Уахь инаԥхьан Аԥсны АИХқәа зегьы. Ҩ-сааҭк инарзынаԥшуа ицоз аицәажәараан Бжьаниа 31 зҵаара рҭак ҟаиҵеит: апандемиеи аекономикеи инадыркны ԥхьаҟатәи аамҭақәа рылацәажәараҟынӡа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАтәыла ахадеи ажурналистцәеи реиԥылараан еиуеиԥшым ахырхарҭала аинформациа иалацәажәан. Иара убри аан аҭыԥ аман алафгьы.
ПК Аслана Бжания  - Sputnik Аҧсны
13/14
Атәыла ахадеи ажурналистцәеи реиԥылараан еиуеиԥшым ахырхарҭала аинформациа иалацәажәан. Иара убри аан аҭыԥ аман алафгьы.
© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАслан Бжьаниа – 1994 шықәса инаркны Аԥсны иҿыцӡоу аҭоурых аҟны ахәбатәи атәыла ахада иоуп.




Пресс-конференция избранного президента Абхазии А. Бжании - Sputnik Аҧсны
14/14
Аслан Бжьаниа – 1994 шықәса инаркны Аԥсны иҿыцӡоу аҭоурых аҟны ахәбатәи атәыла ахада иоуп.




Ажәабжьқәа зегьы
0