Ҭагалан агьама: Аԥсны аџьармыкьақәа рҟны ицәырҵыз аҽаҩра

Анапаҵаҩра
Ҭагалан азбжаҟынӡа ҳааирц егьагым, аха макьана амра ашәахәақәа ихааӡа ҳдырԥхоит, абри аамҭазы Аҟәатәи аџьармыкьаҿы ирҭиуеит ари ашықәс аамҭазы иҭаргало аҽаҩра. Ԥштәы рацәала иуаркалеиуа ашәыри ауҭраҭыхи рыфҩы шылаҳалаҳауа уныруеит Sputnik афотоҭыхымҭақәа уанрыхәаԥшуа.

Амзар аҟны ҭагалан шарбоугьы, макьана акыр иԥхарроуп Аԥсны. Амшынҭалара аамҭа макьана ихыркәшам, аплиажқәа рҟны рыԥсы ршьоит атуристцәа, иара аҭыԥантәиқәагьы макьана иуԥылоит. Аҳауаԥхарра +23°С, +25°С иҟоуп, амаҭәа ԥхақәа макьана адулаԥқәа ирҭоуп.

Аха ҭагалан шааиз уеилдыркаауеит аҭыԥантәи аџьармыкьақәа рҟны ицәырҵыз - ахәырма (акоролиок), аџьықәреи, ахьа, аҟаб, иара убас макьана иҵәыҵәызаргьы, ицәиаҵәоу амандарина.

Абарҭқәа зегьы рыхә ҳаракцәамкәа иааухәар улшоит Аҟәатәи аџьармыкьаҿы. Уи уажәшьҭа баша хәаахәҭырҭам, ара хымԥада атуристцәа зегьы зҭааша ҭыԥхеит. Урҭ гәахәарыла иаархәоит ашәыр, афатә архаагақәа, ашә, ажьҵаа, аԥсуа чыс хаақәа, ачаи, ацха уҳәа. Уи адагьы аҩны иҟарҵо аҩи ауаткеигьы уԥыхьашәар алшоит.

Аҟәатәи аџьармыкьа есҽны аус ауеит, ашәахьада.

© Sputnik / Томас ТхайцукМакьана аԥхынреиԥш ишыԥхарроугьы, амшынҭалара аамҭа макьана ишхыркәшамгьы, ҭагалан уеизгьы иааит Аԥсны. Уи ус шакәу еилукаауеит
аҭыԥантәи аџьармыкьақәа рҟны ицәырҵыз ҭагалантәи аҽаҩра.
Аҟатәи аџьармыкьа - Sputnik Аҧсны
1/11
Макьана аԥхынреиԥш ишыԥхарроугьы, амшынҭалара аамҭа макьана ишхыркәшамгьы, ҭагалан уеизгьы иааит Аԥсны. Уи ус шакәу еилукаауеит
аҭыԥантәи аџьармыкьақәа рҟны ицәырҵыз ҭагалантәи аҽаҩра.
© Sputnik / Томас ТхайцукИцәырҵхьеит амандаринақәа. Урҭ макьана усҟак иҟамлацзаргьы, рыцәҩежьра ухнахуеит.
Мандарины  - Sputnik Аҧсны
2/11
Ицәырҵхьеит амандаринақәа. Урҭ макьана усҟак иҟамлацзаргьы, рыцәҩежьра ухнахуеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукЖьҭаарамзазы ахьагьы ҟалоит. Аԥсуаа уи жәны ирфоит, амца иҽҳәаҵангьы ирӡуеит. Аџьармыкьаҿы уи 100 мааҭк ҳәа иааухәар ауеит.
Сухумский рынок  - Sputnik Аҧсны
3/11
Жьҭаарамзазы ахьагьы ҟалоит. Аԥсуаа уи жәны ирфоит, амца иҽҳәаҵангьы ирӡуеит. Аџьармыкьаҿы уи 100 мааҭк ҳәа иааухәар ауеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАмыҵмыџьи алимонқәеи рыԥштәы уаркалеиуа улаԥш иҵамшәар ауам, урҭ рыда ҭагалан ухахьы иагьузаагом.
Сухумский рынок  - Sputnik Аҧсны
4/11
Амыҵмыџьи алимонқәеи рыԥштәы уаркалеиуа улаԥш иҵамшәар ауам, урҭ рыда ҭагалан ухахьы иагьузаагом.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи аџьармыкьаҿы иуԥыхьашәоит аџьыка адагьы, афатә архаагақәа, аххылақәа рацәаны.
Аҟатәи аџьармыкьа - Sputnik Аҧсны
5/11
Аҟәатәи аџьармыкьаҿы иуԥыхьашәоит аџьыка адагьы, афатә архаагақәа, аххылақәа рацәаны.
© Sputnik / Томас ТхайцукАкоролиоки ахәырмеи убасҟак бзиа избо рацәаҩуп, амандарина иаԥыргома уҳәаратәы. Амала ианалухуа иашам уԥыхьамшәароуп зегь реиҳа ихадоу.
Королек  - Sputnik Аҧсны
6/11
Акоролиоки ахәырмеи убасҟак бзиа избо рацәаҩуп, амандарина иаԥыргома уҳәаратәы. Амала ианалухуа иашам уԥыхьамшәароуп зегь реиҳа ихадоу.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны аҟабгьы пату ду ақәуп.
Аҟатәи аџьармыкьа - Sputnik Аҧсны
7/11
Аԥсны аҟабгьы пату ду ақәуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҟаб рфоит еиҳарак ижәны. Гәырхаагас аишәа иқәырҵоит, иара аџьыка ахьшьны ирфоит, ацхагьы ахьызшьуа дубап.
Аҟатәи аџьармыкьа - Sputnik Аҧсны
8/11
Аҟаб рфоит еиҳарак ижәны. Гәырхаагас аишәа иқәырҵоит, иара аџьыка ахьшьны ирфоит, ацхагьы ахьызшьуа дубап.
© Sputnik / Томас ТхайцукАџьықәреи аӡа анцәырҵлак аԥсуаа даара иеигәырӷьоит, уи алапҟьақәа жәны ма амцаҿы иӡны ирфоит, уи агьама ҽакы иалаҩашьом, хәыҷи-дуи бзиа еицырбоит. Аџьықәреи анҩалак, алапҟьақәа ҿырпны, илаганы, иалҵуа ашыла хәны, аԥсуаа зда ԥсыхәа ҳамам агәыхә - абысҭа - аларуеит.
Сухумский рынок - Sputnik Аҧсны
9/11
Аџьықәреи аӡа анцәырҵлак аԥсуаа даара иеигәырӷьоит, уи алапҟьақәа жәны ма амцаҿы иӡны ирфоит, уи агьама ҽакы иалаҩашьом, хәыҷи-дуи бзиа еицырбоит. Аџьықәреи анҩалак, алапҟьақәа ҿырпны, илаганы, иалҵуа ашыла хәны, аԥсуаа зда ԥсыхәа ҳамам агәыхә - абысҭа - аларуеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАбар ҩаԥхьа ахьа - иааигәаны шәахәаԥши! Сынтәа изымфац шәыҟазар, шәыццакы аџьармыкьахь!
Аҟатәи аџьармыкьа - Sputnik Аҧсны
10/11
Абар ҩаԥхьа ахьа - иааигәаны шәахәаԥши! Сынтәа изымфац шәыҟазар, шәыццакы аџьармыкьахь!
© Sputnik / Томас ТхайцукАжәакала, шәгәалаҟазаара шьҭышәхыр, шәгәабзиарагьы шәырӷәӷәар шәҭахызар, ҽаҩраҭагалан аҳамҭақәа шәрышьҭалан шәца аҟәатәи аџьармыкьахь!
Аҟатәи аџьармыкьа - Sputnik Аҧсны
11/11
Ажәакала, шәгәалаҟазаара шьҭышәхыр, шәгәабзиарагьы шәырӷәӷәар шәҭахызар, ҽаҩраҭагалан аҳамҭақәа шәрышьҭалан шәца аҟәатәи аџьармыкьахь!
Ажәабжьқәа зегьы
0