Аслан Бжьаниа шықәсыктәи иусура: иалкаау ахҭысқәа афотоқәа рҿы

Анапаҵаҩра
Аԥсны ахәбатәи ахада Аслан Бжьаниа инапынҵақәа рынагӡара далагеит мшаԥы 23, 2020 шықәса инаркны. Атәыла ахадас дыҟоуижьҭеи иҵит шықәсык, иусураҿы реиҳа иалкаау ахҭысқәа - Sputnik афотоҭыхымҭақәа рҟны.

2020 шықәса хәажәкырамзазы имҩаԥган Аԥсны ахада иеиҭалхрақәа. Аслан Бжьаниа - 53741 бжьы (56,5%) иманы алхрақәа дыриааиуеит, конкурентс диман уаанӡатәи аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

Аслан Бжьаниа официалла инапынҵақәа рынагӡара далагеит мшаԥымза 23 инаркны, имҩаԥгаз аинугурациа ашьҭахь. Аҭоубашьҭаҵара мҩаԥган ауаа рацәа адымгалакәа, усҟан Аԥсны иалагалаз акоронавирус аламырҵәаразы аԥкрақәа ирхьырԥшны.

Аслан Бжьаниа Аԥсны ахәбатәи ахада иоуп.

© Sputnik / Константин Грецов Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит аҳәаанырцәтәи асасцәа рыда, мшаԥымза 23 рзы, Аҟәа.
Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит аҳәаанырцәтәи асасцәа рыда, мшаԥымза 23 рзы, Аҟәа. - Sputnik Аҧсны
1/30
Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит аҳәаанырцәтәи асасцәа рыда, мшаԥымза 23 рзы, Аҟәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҭоубашьҭаҵара ашьҭахь Аслан Бжьаниа инапаҿы идыркит аҳәынҭқарратә мчра асимволқәа – агерб зну амҳәырқәа, абираҟ, алабашьа, аҳәа.
Аҭоубашьҭаҵара ашьҭахь Аслан Бжьаниа инапаҿы идыркит аҳәынҭқарратә мчра асимволқәа – агерб зну амҳәырқәа, абираҟ, алабашьа, аҳәа. - Sputnik Аҧсны
2/30
Аҭоубашьҭаҵара ашьҭахь Аслан Бжьаниа инапаҿы идыркит аҳәынҭқарратә мчра асимволқәа – агерб зну амҳәырқәа, абираҟ, алабашьа, аҳәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАтәыла ахада иалхрақәа хәажәкыра 22 рзы имҩаԥган. Аслан Бжьаниа - 53741 бжьы (56,5%) иманы алхрақәа рҿы даиааиуеит.
Атәыла ахада иалхрақәа хәажәкыра 22 рзы имҩаԥган. Аслан Бжьаниа - 53741 бжьы (56,5%) иманы алхрақәа рҿы даиааиуеит. - Sputnik Аҧсны
3/30
Атәыла ахада иалхрақәа хәажәкыра 22 рзы имҩаԥган. Аслан Бжьаниа - 53741 бжьы (56,5%) иманы алхрақәа рҿы даиааиуеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАлхрақәа рышьҭахь Аслан Бжаниа раԥхьатәи ипресс-конференциа.
Алхрақәа рышьҭахь Аслан Бжаниа раԥхьатәи ипресс-конференциа. - Sputnik Аҧсны
4/30
Алхрақәа рышьҭахь Аслан Бжаниа раԥхьатәи ипресс-конференциа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАфотожурналист Сергеи Лидов Аслан Бжьаниа ҳамҭас ииҭеит ифотосахьа.
Афотожурналист Сергеи Лидов Аслан Бжьаниа ҳамҭас ииҭеит ифотосахьа. - Sputnik Аҧсны
5/30
Афотожурналист Сергеи Лидов Аслан Бжьаниа ҳамҭас ииҭеит ифотосахьа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжьаниа дахьцалакгьы ицуп имоҭа лҳамҭа - аҵәца.
Аслан Бжьаниа дахьцалакгьы ицуп имоҭа лҳамҭа - аҵәца. - Sputnik Аҧсны
6/30
Аслан Бжьаниа дахьцалакгьы ицуп имоҭа лҳамҭа - аҵәца.
© Фотохост-агентство / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАслан Бжьаниа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 75 шықәса ахыҵра апарад далахәын Москва.
Аслан Бжьаниа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 75 шықәса ахыҵра апарад далахәын Москва. - Sputnik Аҧсны
7/30
Аслан Бжьаниа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 75 шықәса ахыҵра апарад далахәын Москва.
© Foto / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАиааира апарад ахь ааԥхьара ииҭеит урыстәылатәи иколлега Владимир Путин. Урыстәылеи, Аԥсни, Таџьыкисҭани, Молдавиеи, Белоруссиеи рхадацәа Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Аиааира апарад ахь ааԥхьара ииҭеит урыстәылатәи иколлега Владимир Путин. Урыстәылеи, Аԥсни, Таџьыкисҭани, Молдавиеи, Белоруссиеи рхадацәа Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит. - Sputnik Аҧсны
8/30
Аиааира апарад ахь ааԥхьара ииҭеит урыстәылатәи иколлега Владимир Путин. Урыстәылеи, Аԥсни, Таџьыкисҭани, Молдавиеи, Белоруссиеи рхадацәа Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАслан Бжьаниеи Владимир Путини Аиааира Ду 75 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа раан аҟны.
Аслан Бжьаниеи Владимир Путини Аиааира Ду 75 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа раан аҟны. - Sputnik Аҧсны
9/30
Аслан Бжьаниеи Владимир Путини Аиааира Ду 75 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа раан аҟны.
© Sputnik / Томас ТхайцукԤхынгәы 2 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа официалла атәыла ахадас дҟалеижьҭеи раԥхьатәи апресс-конференциа мҩаԥигеит.
Ԥхынгәы 2 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа официалла атәыла ахадас дҟалеижьҭеи раԥхьатәи апресс-конференциа мҩаԥигеит.  - Sputnik Аҧсны
10/30
Ԥхынгәы 2 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа официалла атәыла ахадас дҟалеижьҭеи раԥхьатәи апресс-конференциа мҩаԥигеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАхада ипресс-конференциахь инаԥхьан Аԥсны АИХқәа зегьы.
Ахада ипресс-конференциахь инаԥхьан Аԥсны АИХқәа зегьы.  - Sputnik Аҧсны
11/30
Ахада ипресс-конференциахь инаԥхьан Аԥсны АИХқәа зегьы.
© Sputnik / Томас ТхайцукҨ-сааҭк инарзынаԥшуа ицоз аицәажәараан Бжьаниа 31 зҵаара рҭак ҟаиҵеит: апандемиеи аекономикеи инадыркны ԥхьаҟатәи аамҭақәа рылацәажәараҟынӡа.
Ҩ-сааҭк инарзынаԥшуа ицоз аицәажәараан Бжьаниа 31 зҵаара рҭак ҟаиҵеит: апандемиеи аекономикеи инадыркны ԥхьаҟатәи аамҭақәа рылацәажәараҟынӡа. - Sputnik Аҧсны
12/30
Ҩ-сааҭк инарзынаԥшуа ицоз аицәажәараан Бжьаниа 31 зҵаара рҭак ҟаиҵеит: апандемиеи аекономикеи инадыркны ԥхьаҟатәи аамҭақәа рылацәажәараҟынӡа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАтәыла ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны атәылахьчара аминистрра даҭааит.
Атәыла ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны атәылахьчара аминистрра даҭааит. - Sputnik Аҧсны
13/30
Атәыла ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны атәылахьчара аминистрра даҭааит.
© Foto / Пресс-служба президента АбхазииАԥсны арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа АШәМ рҽазыҟаҵарақәа дырҭааит.
Аԥсны арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа АШәМ рҽазыҟаҵарақәа дырҭааит.
 - Sputnik Аҧсны
14/30
Аԥсны арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа АШәМ рҽазыҟаҵарақәа дырҭааит.
© Foto / пресс-служба Президента Республики Абхазия Аслан Бжьаниа аполигон Ҵабал имҩаԥысуаз Урыстәылеи Аԥсни рыруаа рҽазыҟаҵарақәа дырҭааит.
Аслан Бжьаниа аполигон Ҵабал имҩаԥысуаз Урыстәылеи Аԥсни рыруаа рҽазыҟаҵарақәа дырҭааит.
 - Sputnik Аҧсны
15/30
Аслан Бжьаниа аполигон Ҵабал имҩаԥысуаз Урыстәылеи Аԥсни рыруаа рҽазыҟаҵарақәа дырҭааит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Алеко Гәарамиа ииубилеи идиныҳәалеит.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Алеко Гәарамиа ииубилеи идиныҳәалеит. - Sputnik Аҧсны
16/30
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Алеко Гәарамиа ииубилеи идиныҳәалеит.
© Sputnik / Бадрак АвидзбаАԥсны ахада Аслан Бжьаниа дидикылеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Михаил Бабич нанҳәа 20 рзы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дидикылеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Михаил Бабич нанҳәа 20 рзы. - Sputnik Аҧсны
17/30
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дидикылеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Михаил Бабич нанҳәа 20 рзы.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны жәлар рартист Хьыбла Гьерзмааԥҳаи Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи реиԥылара.
Аԥсны жәлар рартист Хьыбла Гьерзмааԥҳаи Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи реиԥылара. - Sputnik Аҧсны
18/30
Аԥсны жәлар рартист Хьыбла Гьерзмааԥҳаи Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи реиԥылара.
© Sputnik / Томас ТхайцукБжьаниа даҭааит Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь цәыббра 15 рзы. Усҟан атәыла ахада иҳәеит агоспиталь аҿы аус зуа аҳақьымцәа ашәарацҵақәа шрыҭахо.
Бжьаниа даҭааит Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь цәыббра 15 рзы. Усҟан атәыла ахада иҳәеит агоспиталь аҿы аус зуа аҳақьымцәа ашәарацҵақәа шрыҭахо.
 - Sputnik Аҧсны
19/30
Бжьаниа даҭааит Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь цәыббра 15 рзы. Усҟан атәыла ахада иҳәеит агоспиталь аҿы аус зуа аҳақьымцәа ашәарацҵақәа шрыҭахо.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны акоронавирустә инфекциа аҿагыларазы ацентр аартын Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы мшаԥымзазы.
Аԥсны акоронавирустә инфекциа аҿагыларазы ацентр аартын Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы мшаԥымзазы. - Sputnik Аҧсны
20/30
Аԥсны акоронавирустә инфекциа аҿагыларазы ацентр аартын Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы мшаԥымзазы.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ахада Аслан Бжьаниа аԥснытәи аҳақьымцәа аҳаҭыртә шәҟәқәеи аҳамҭақәеи ранеишьеит.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аԥснытәи аҳақьымцәа аҳаҭыртә шәҟәқәеи аҳамҭақәеи ранеишьеит. - Sputnik Аҧсны
21/30
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аԥснытәи аҳақьымцәа аҳаҭыртә шәҟәқәеи аҳамҭақәеи ранеишьеит.
© Foto / Пресс-служба Президента РААбҵара 12 рзы Шәача имҩаԥысит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла ахада Владимир Путини реиԥылара. Ахадацәа реиҿцәажәара хсааҭк инарзынаԥшуа ицон.
Абҵара 12 рзы Шәача имҩаԥысит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла ахада Владимир Путини реиԥылара. Ахадацәа реиҿцәажәара хсааҭк инарзынаԥшуа ицон. - Sputnik Аҧсны
22/30
Абҵара 12 рзы Шәача имҩаԥысит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла ахада Владимир Путини реиԥылара. Ахадацәа реиҿцәажәара хсааҭк инарзынаԥшуа ицон.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ахада Аслан Бжьаниа ажьырныҳәа 22 рзы адҵа ҟаиҵеит амчыбжь нҵәаанӡа афымцамчхара ахархәара еиҵартәырц, уи азы араионқәа зегьы рҿы аштабқәа еиҿкаазарц амаининг фермақәа ахьыҟоу аарԥшрази раҿыхрази.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ажьырныҳәа 22 рзы адҵа ҟаиҵеит амчыбжь нҵәаанӡа афымцамчхара ахархәара еиҵартәырц, уи азы араионқәа зегьы рҿы аштабқәа еиҿкаазарц амаининг фермақәа ахьыҟоу аарԥшрази раҿыхрази. - Sputnik Аҧсны
23/30
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ажьырныҳәа 22 рзы адҵа ҟаиҵеит амчыбжь нҵәаанӡа афымцамчхара ахархәара еиҵартәырц, уи азы араионқәа зегьы рҿы аштабқәа еиҿкаазарц амаининг фермақәа ахьыҟоу аарԥшрази раҿыхрази.
© Sputnik / Томас ТхайцукАУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуеи Аслан Бжьаниеи.
АУН Амшынеиқәафымцамч адиректор хада Михаил Логәуеи Аслан Бжьаниеи. - Sputnik Аҧсны
24/30
АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуеи Аслан Бжьаниеи.
© Sputnik / Асмат Цвижба Ажьырныҳәа 30 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарала Аԥсны мрагыларатәи ахәҭахьы дцеит афымцамчтә обиектқәа русура агәаҭаразы.
Ажьырныҳәа 30 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарала Аԥсны мрагыларатәи ахәҭахьы дцеит афымцамчтә обиектқәа русура агәаҭаразы. - Sputnik Аҧсны
25/30
Ажьырныҳәа 30 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарала Аԥсны мрагыларатәи ахәҭахьы дцеит афымцамчтә обиектқәа русура агәаҭаразы.
© Foto / пресс-служба Президента Республики Абхазия Аслан Бжьаниа, Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Михаил Логәуа, Акапитатә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба еицны игәарҭеит афымцеихшарҭатә маругақәеи аҷаԥшьаратә пультқәеи русушьа.
Аслан Бжьаниа, Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Амшынеиқәафымцамч аиҳабы Михаил Логәуа, Акапитатә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба еицны игәарҭеит афымцеихшарҭатә маругақәеи аҷаԥшьаратә пультқәеи русушьа. - Sputnik Аҧсны
26/30
Аслан Бжьаниа, Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Михаил Логәуа, Акапитатә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба еицны игәарҭеит афымцеихшарҭатә маругақәеи аҷаԥшьаратә пультқәеи русушьа.
© SputnikАслан Бжьаниа ипресс-конференциа.
Аслан Бжьаниа ипресс-конференциа. - Sputnik Аҧсны
27/30
Аслан Бжьаниа ипресс-конференциа.
© SputnikАԥсны ахада Аслан Бжьаниа идикылеит Аԥсны ацхрааразы иааны иҟаз Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҳақьым хада Абдулмеджид Магомедови ихаҭыԥуаҩ Ренат Курбанови.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идикылеит Аԥсны ацхрааразы иааны иҟаз Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҳақьым хада Абдулмеджид Магомедови ихаҭыԥуаҩ Ренат Курбанови. - Sputnik Аҧсны
28/30
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идикылеит Аԥсны ацхрааразы иааны иҟаз Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҳақьым хада Абдулмеджид Магомедови ихаҭыԥуаҩ Ренат Курбанови.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ахада Аслан Бжьаниа мшаԥы 15 рзы идикылеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрреи Урыстәыла афымцамч аминистрреи рхаҭарнакцәа рделегациа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа мшаԥы 15 рзы идикылеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрреи Урыстәыла афымцамч аминистрреи рхаҭарнакцәа рделегациа. - Sputnik Аҧсны
29/30
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа мшаԥы 15 рзы идикылеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрреи Урыстәыла афымцамч аминистрреи рхаҭарнакцәа рделегациа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла мшаԥы 20 рзы Москваҟа дцеит. Бжьаниа Урыстәыла ахада Иусбарҭаҟни Урыстәыла аиҳабыра рыҟни аиԥыларақәа мҩаԥигараны дыҟоуп.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла мшаԥы 20 рзы Москваҟа дцеит. Бжьаниа Урыстәыла ахада Иусбарҭаҟни Урыстәыла аиҳабыра рыҟни аиԥыларақәа мҩаԥигараны дыҟоуп. - Sputnik Аҧсны
30/30
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла мшаԥы 20 рзы Москваҟа дцеит. Бжьаниа Урыстәыла ахада Иусбарҭаҟни Урыстәыла аиҳабыра рыҟни аиԥыларақәа мҩаԥигараны дыҟоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0