Аҽыуаа, "нарҭаа рымца", ашьамаҟа: Амҳаџьырқәа ргәалашәара амш Аԥсны ишазгәарҭаз

Анапаҵаҩра
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш азгәарҭеит Аԥсны. Sputnik ари аусмҩаԥгатә аҟынтәи афотосахьақәа шәзеизнагеит.

Лаҵара 21 рзы Аԥсны иргәаладыршәеит амҳаџьырра иалаӡыз Кавказ жәларқәа рхаҭарнакцәа. Аԥсуа-абаза жәлар рконгресси Арепатриациазы аҳәынҭеилаки Аҟәа еиҿыркааит агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа.

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара аҳаҭыр азы игылоу абаҟа азааигәара еиҿкаан афотоцәыргақәҵа, Аԥсуа драматә театр аҿы идырбан аспектакль "Ацынҵәарах", ахәылбыҽха, амшын аԥшаҳәаҿы алашарбагақәа кны имҩасит, иадыркит ашьамаҟа, "нарҭаа рымца" еиқәырҵеит, ашәҭқәа амшын ихырҵеит.

День памяти жертв Кавказской войны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.05.2021
Аҽыуаа, "нарҭаа рымца", ашьамаҟа: Амҳаџьырқәа ргәалашәара амш Аԥсны ишазгәарҭаз

Арҭ аусмҩаԥгатәқәа ирылахәын атәыла анапхгара, астудентцәа, ашколхәыҷқәа, зыԥсадгьыл иазыхынҳәыз аԥсуаа.

Гәдоуҭа амҳаџьырцәа ргәалашәара ацеремониа мҩаԥысит аҭыԥантәи ауааԥсыра зықьҩыла амҳаџьырра ашықәсқәа раан изқәыртәаны атәым дгьыл ахь изларгоз аҭырқәа ӷба "Маҳмадиа" символс измоу амемориал аҿы. Уи 2018 шықәсазы иргылеит архитектор Игор Смыр, иара гәдоуҭатәи абаӷәаза авараҿы ишьақәыргылоуп.

Гагра абри амш азгәарҭеит агәашьаркыра аҟынтәи ахьыԥшымра Амемориал аҟынӡа амҩасрала, анаҩс ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Лаҵара 21 1864 шықәса - Кавказтәи аибашьра анхыркәшахаз амш ауп. Уи ашьҭахь зықьҩыла аԥсуа жәлар рхаҭарнакцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Иорданиа, егьырҭ Ааигәатәи Мрагылара атәылақәа рахь имцар ада ԥсыхәа рымамызт.

Ари амш азгәарҭоит адунеи иалаԥсоу аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа. Зегь реиҳа идуу аԥсуа диаспора Ҭырқәтәыла инхоит.

© Sputnik / Томас ТхайцукКавказтәи аибашьра иалаӡыз ашьхарыуа жәларқәа рхаҭарнакцәа ргәаладыршәеит лаҵара 21 рзы. Уи аҳаҭыр азы Аҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа ианысит аҽыуаа.
День памяти жертв Кавказской войны  - Sputnik Аҧсны
1/11
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ашьхарыуа жәларқәа рхаҭарнакцәа ргәаладыршәеит лаҵара 21 рзы. Уи аҳаҭыр азы Аҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа ианысит аҽыуаа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҿар абираҟқәа кны амшын аԥшаҳәа ианыланы амҳаџьырқәа рбаҟаҟынӡа инеит.
День памяти жертв Кавказской войны  - Sputnik Аҧсны
2/11
Аҿар абираҟқәа кны амшын аԥшаҳәа ианыланы амҳаџьырқәа рбаҟаҟынӡа инеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукКавказтәи аибашьра анхыркәшаха зықьҩыла аԥсуааи адыгақәеи рыԥсадгьыл ааныжьны атәым дгьыл ахь ихымҵәар ада ԥсыхәа рымамкәа иҟалеит.
День памяти жертв Кавказской войны  - Sputnik Аҧсны
3/11
Кавказтәи аибашьра анхыркәшаха зықьҩыла аԥсуааи адыгақәеи рыԥсадгьыл ааныжьны атәым дгьыл ахь ихымҵәар ада ԥсыхәа рымамкәа иҟалеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАмҳаџьырқәа ргәаладыршәарц абаҟахьы инеит аҳҭнықалақь ауааԥсыра аӡәырҩы.
День памяти жертв Кавказской войны  - Sputnik Аҧсны
4/11
Амҳаџьырқәа ргәаладыршәарц абаҟахьы инеит аҳҭнықалақь ауааԥсыра аӡәырҩы.
© Sputnik / Томас ТхайцукУрҭ рыбжьара иҟан Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа.
День памяти жертв Кавказской войны  - Sputnik Аҧсны
5/11
Урҭ рыбжьара иҟан Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукИхырҵәаз ҳабдуцәа урҭ рабдуцәа ргәаларшәаразы иааиз ауаа аԥсуа бираҟқәа шьҭынхны иркын.
День памяти жертв Кавказской войны  - Sputnik Аҧсны
6/11
Ихырҵәаз ҳабдуцәа урҭ рабдуцәа ргәаларшәаразы иааиз ауаа аԥсуа бираҟқәа шьҭынхны иркын.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҵәыџьмцақәа кны имҩасуан.
День памяти жертв Кавказской войны  - Sputnik Аҧсны
7/11
Аҵәыџьмцақәа кны имҩасуан.
© Sputnik / Томас ТхайцукАшьамаҟа аиркит аԥсуа мҳаџьырқәа рхылҵшьҭра Кадыр Тәанба. Иара шықәсқәак раԥхьа иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара ҳәа дхынҳәит.
День памяти жертв Кавказской войны  - Sputnik Аҧсны
8/11
Ашьамаҟа аиркит аԥсуа мҳаџьырқәа рхылҵшьҭра Кадыр Тәанба. Иара шықәсқәак раԥхьа иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара ҳәа дхынҳәит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАгәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәа ирылахәын аҿартә еиҿаарақәа.
День памяти жертв Кавказской войны  - Sputnik Аҧсны
9/11
Агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәа ирылахәын аҿартә еиҿаарақәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАмҳаџьырқәа аӷбақәа ирҭартәаны иахьдәықәырҵоз аҭыԥ аҟны "нарҭаа рымца" еиқәырҵеит.
День памяти жертв Кавказской войны  - Sputnik Аҧсны
10/11
Амҳаџьырқәа аӷбақәа ирҭартәаны иахьдәықәырҵоз аҭыԥ аҟны "нарҭаа рымца" еиқәырҵеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукЗыԥсадгьыл ахь изыхнымҳәкәа зыԥсҭазаара иалҵыз, амҳаџьырра хлымӡаах иаҿахәхаз ргәалашәаразы ацәашьқәа адыркит.
День памяти жертв Кавказской войны  - Sputnik Аҧсны
11/11
Зыԥсадгьыл ахь изыхнымҳәкәа зыԥсҭазаара иалҵыз, амҳаџьырра хлымӡаах иаҿахәхаз ргәалашәаразы ацәашьқәа адыркит.
Ажәабжьқәа зегьы
0