Игор Моисеев ихьӡ зху Амилаҭтә кәашарақәа рҳәынҭқарратә академиатә ансамбль Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы ақәгылара мҩаԥысуеит лаҵара 25, 26 рзы.
Урыстәылатәи аколлектив раԥхьаӡа акәны Аԥсны иқәгылеит 2013 шықәсазы акультуратә сезон "Урыстәыла-Аԥсны" аҳәаақәа ирҭагӡаны иазгәарҭоз Урыстәыла Амшныҳәа аан.
Амилаҭтә кәашарақәа рҳәынҭқарратә академиатә ансамбль Игор Моисеев иаԥиҵеит 1937 шықәсазы. Уи афольклор асахьаркыратә интерпретациа азызуа адунеи аҿы раԥхьатәи профессионалтә хореографиатә коллективхеит.
Авидео шәахәаԥшыр шәылшоит абра>> Амилаҭтә кәашарақәа ирызҟазоу: Моисеев ибалет Аԥсны иқәгылеит

1/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Моисеев ибалет инанагӡоит абырзен кәашара "Сиртаки".

2/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Афото аҿы: венесуелатәи акәашара "Хоропо".

3/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ансамбль ахкынагӡаҩцәа аиспан "баллада" ахәаԥшцәа ирзыкәашеит.

4/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ансамбль артистцәа илегендахаз рыкәашара "Аҵәа" ("Яблочко") ддырбеит.

5/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Моисеев иансамбль ахкынагӡаҩ "Аҭаҭар ҭыԥҳа" ("Татарочка") дкәашоит.

6/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Афото аҿы: акәашара "Аҭаҭар ҭыԥҳа" ("Татарочка").

7/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Абалет акәашаҩцәа инарыгӡеит абырзен кәашарақәа рсиуита "Сиртаки".

8/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аргентинатәи "Маламбо" нарыгӡоит абалет артистцәа.

9/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Агентинатәи абалет "Атавернаҿы ахәылԥаз" ("Вечер в таверне").

10/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ансамбль ахкынагӡаҩцәа иддырбеит аргентинатәи ахьчаҩцәа рыкәашара "Гаучо".

11/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Иара убас аконцерт аҿы раԥхьаӡа акәны ицәыргоуп адыга кәашара "Тльаԥаҭеҭ".

12/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ақәыргыламҭа "Tango Del Plata" – Игор Моисеев иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь раԥхьа иаԥырҵаз усумҭа дууп.

13/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Моисеев иансамбль иахәаԥшразы Аԥснытәи афилармониахь имҩахыҵыз ауааԥсыра рнапеинҟьабжь акыраамҭа еихсыӷьуамызт.