Sputnik апресс-центр аҿы Аԥсны ашьапылампылтә Академиа апресс-конференциа ҟалоит

© Sputnik Александр ВильфАмпыл
Ампыл - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәара 19 асааҭ 13:00 рзы Sputnik амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥысуеит Аԥсны еиҿкаау Актәи Европатәи ашьапылампылтә Академиа аартра иазку апресс-конференциа.

Апресс-конференциа иалахәуп:

  • Академиа Unity аспорттә директор, Аҩадатәи Англиа Ахраҿа 2014 шықәсазтәи ачемпион, Англиа ашьапылампыл Афедерациа аӡбаҩ Гиви Ҭодуа
  • Академиа Unity азыҟаҵаҩ хада, 2012 шықәсазтәи Урыстәыла ачемпион Александр Коӷониа.
  • Академиа Unity аҳақьым хада Асмаҭ Џьынџьалԥҳа.

АИХ рхаҭарнакцәа ааҳаԥхьоит апресс–конференциахь (аҭыӡҭыԥ: ақ. Аҟәа, Пушкин имҩ. 16 (абизнес-центр "Гәдоу Плаза", 5 аихагыла).

Аккредитациа ҟалоит абри аҭел ала: +79409992191 Илона Авилова.

Азыҳәа анашьҭразы аелектронтә ҭыӡҭыԥ: i.avilova@sputniknews.com.

Иара убасгьы азҵаарақәа рынашьҭра ҟалоит Sputnik Аԥсны адаҟьахь (асоциалтә ҳа Facebook) ма аелектронтә ҭыӡҭыԥ i.avilova@sputniknews.com ахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0