Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳагԥҳа: сара сзы игәадуроуп Ҭамара Шьаҟрылпҳа леиԥш арҵаҩы дахьсымаз

© Sputnik / Томас Тхайцукалингвист, афилологиатә наукақәа рдоктор, апрофессор Лили Ҳагԥҳа.
алингвист, афилологиатә наукақәа рдоктор, апрофессор Лили Ҳагԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еицырдыруа абызшәадырыҩ Ҭамара Платон–иԥҳа Шьаҟрылԥҳа 90 шықәса лхыҵра инадҳәаланы Sputnik арадио астудиаҟны лгәалашәарақәа дырзааҭгылеит, лара хаҭала дыздыруаз, дымҩақәызҵоз алингвист, афилологиатә наукақәа рдоктор, апрофессор Лили Ҳагԥҳа.

Иахьа, цәыббра ҩба аҽны лыԥсы ҭаны дыҟазар 90 шықәса лхыҵуан еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩ, аҵарауаҩ Ҭамара Шьаҟрылԥҳа.

"Ҭамара Платон-иԥҳаи сареи ҳаибадырра амш ахааназ исхашҭуам. Уи ииашаны, изыбзоуроу лаҳәшьа Екатерина Шьаҟрылԥҳа лоуп. Сара Аҷандаратәи абжьаратә школ саналга, сҭалоит арҵаҩратә институт, афилологиатә факультет, аԥсуа-анемец ҟәша. Убра аҵара ҳлырҵон Екатерина Платон-иԥҳа. Урҭ ашықәсқәа рзы, протест ҳасабала, аиашамрақәа дырҿагыланы Ҭамара Шьаҟрылԥҳа аус луӡомыз, аҩны дыҟан. Аҩбатәи акурс аҟны сыштәаз, ҽнак зны Екатерина Платон-иԥха ус салҳәеит "саҳәшьа Ҭамара џьаргьы аус луӡом, аҩны дыҟоуп. Ус салҳәеит бара ибгәаԥхо астудентцәа рҟынтә аӡәыр дыҟазар, иақәшаҳаҭхозар, исҭахын сызҿу, снапы злаку аус дсырбаратәы иаалар са сахь ҳәа". Екатерина Платон-иԥха бақәшаҳаҭзар бызгоит, шәеибасырдыроит ҳәа салҳәеит.

"Хра злоу ахҭысқәа": алингвист, афилологиатә наукақәа рдоктор, апрофессор Лили Ҳагԥҳа еицырдыруа абызшәадырыҩ Ҭамара Шьаҟрылԥҳа длыхцәажәоит

Сара саалыхәаԥшын, Екатерина Платон-иԥха убри аҟара дхазынан, амра лҿалашоушәа убри ааҟара дыԥхан,бзиа ҳалбон астудентцәа, ус сазхәыцит ари арысҟак дыбзиазар лаҳәшьа егьала дыҟоуп сҳәан сақәшаҳаҭхеит. Схәыҷын сқәыԥшын сара сзы лажәақәа акырӡа аҵанакуан. Ҭамара Платон-иԥҳа уи аԥхьа дсымбаӡацызт, ашә аартны аҩны ҳанынаҩнала иҭацәыз ҭыԥк ыҟамызт, иахьабалак шәҟәыла иҭәын. Лара дҩагылан дгәырӷьаҵәа даасԥылеит, "ари иаабгаз аҭыԥҳа дабатәиу", лҳәан Екатерина длазҵааит, ари "д-Аҷандаратәиуп"  лҳәеит, "ҟоҳ, уи шԥабзиоу" лҳәан саагәыдлкылеит, убас иҟалеит ҳаибадырра. Шықәсыки бжаки, ес-хаша слызнеиуан, саннеилакгьы х-сааҭк ҩ-сааҭк еиҵны саанхаӡомызт. Адҵақәа сылҭон, сылаԥш зхызгаша сыҵалҳәон, алкаақәа ҟаҳҵон. Быуа-бҭынха, бҭаацәа, бахьыҟазаалак базыӡырҩла ауаа рцәажәашьа, аиԥшымзаара аилыргара баналагалак уи иаҵанакуеит абызшәа аҭҵаара былшоит ҳәа", — абас лгәалашәарақәа дырзааҭгылеит аҵарауаҩ.

Ҭамара Шьаҟрыл ӷәӷәала дыџьбаран, аиаша дашьҭан, амц ныҟәызгоз ауаа лааигәа илыргыломызт ҳәа азылаԥхьаӡоит Ҳагԥҳа.

"Лҷыда ҟазшьақәа иреиуан, еизарак ыҟоума аӡәы иажәа даԥыҩлаӡомызт. Дхәыҷы дду, иаҳаракыра заҟаразаалак, аҭҵарадырратә ҩаӡара имазма имамызма абас дҭынчӡа дтәаны, ажәак лаҩлмыршәуа дӡырҩуан. Ацәажәара ишаалгалакь еиԥш зҵаарак мҭиикуа, акы дазымҵаакуа ҟалашьа амамызт, акы хьаас илымкышәа, мамзаргьы зегьы дақәшаҳаҭушәа  ҿымҭӡакәа дындәылҵны дцаӡомызт. Нас зегь рацкьыс сара исгәаԥхоз лҟазшьақәа ируакуп, изакәызаалак иуҳәаз аҟынтәи, иҭыуҵааз аҟынтәи, зынӡа имаҷу ухатәы згәаҭарак ҟауҵазар, еиҳарак аҿар ҳабжьара убри лара ҳгәы азҭалҵон. Ахааназ иаҳлырбомыз лаҳаракыра, абарҭ аҿар рацкьыс сеиҳабуп, реиҳа здыруеит ҳәа ахаан лхы мҩаԥылгомызт. Сара сзыҳәан игәадуроуп Ҭамара Платон-иԥҳа леиԥш арҵаҩы дахьсымаз", — ҳәа лҳәеит лара.

Ҭамара Шьаҟрыл – аҵарауаҩ, афилологиатә наукақәа рдоктор, апрофессор, ауаажәларратәии аполитикатәии усзуҩ. Анаукатә статиақәеи ашәҟәқәеи жәпакы равтор. Аҟәатәи апедагогтә институт аҿы аҧсуа бызшәеи алитературеи акафедра раҧхьатәи аиҳабы. Аус луан анаукатә усзуҩ еиҳабыс аҧсуаҭҵааратә институт аҟны. Активла амилаҭтә-хақәиҭратә қәҧареи, ихьыҧшым Аҧсны аҳәынҭқарра ашьақәгылареи рҿы Ҭамара Шьаҟрылԥҳа ллагала акыр идууп.


Ажәабжьқәа зегьы
0