Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ирина Папԥҳа: аибашьра ашықәсқәа рзы ирацәан игәыҭшьаагаз ахҭысқәа

© Фото : Марина Барциц"Агәымшәараз" амедал занашьоу Ирина Папԥҳа.
Агәымшәараз амедал занашьоу Ирина Папԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1993 шықәса ианвар хәба рзы Гәымсҭатәи афронт ала аҧсуаа рҽазыршәеит ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә Аҟәа ахы ақәиҭтәра. Аҧсуа еибашьцәа еиҿыркааз ажәылара лыҵшәадахеит, аиҭныҧсахрақәа рыламҭалазы мчыла иҭадырхеит иҭҟәаны ирымаз аҧсуа еибашьцәа, абри атәы лҳәеит Sputnik арадиостудиаҟны амедеҳәшьа, "Агәымшәараз" амедал занашьоу Ирина Папԥҳа.

Амедеҳәшьа, "Агәымшәараз" амедал занашьоу Ирина Папԥҳа лажәақәа рыла, аибашьра ашықәсқәа рзы ирацәан игәыҭшьаагаз ахҭысқәа, аха ианвартәи ажәылара еиҳа ҳаибашьцәа ршьамхы аркәадеит, ус ишыҟазгьы еиҳагьы ргәы шьҭнахеит. 

Агәымшәараз амедал занашьоу Ирина Папԥҳа ианвартәи ажәылара лгәалашәараҿы ишаанхаз дазааҭгылеит

Аҧсуа еибашьцәа еиҿыркааз ажәылара лыҵшәадахеит, аиҭныҧсахларақәа рыламҭалазы мчыла иҭадырхеит иҭҟәаны ирымаз аҧсуа еибашьцәа, — илгәалалыршәоит аибашьҩы.

Ажәабжьқәа зегьы
0