Белла Кьецԥҳа Гал ақалақь аҿиашьа иазкны
"Сара ҳажәла Кьецба аҭцаара снапы алакуп. Иахьынӡыздыруа Ҭлабган Кьецба Аҟәа араион инхоз ҳажәлантәқәа дырхаҭарнакуп. Иара 19-тәи ашәышықәсазы аполитика иахҟьаны ауаҩы дишьуеит, нас дыбналоит ҳәа ауп ишаҳдыруа. Исыздыруам шаҟа ихыҵуаз усҟан, абна дылан. Усҟан Гал ақыҭа дәы ԥшӡа дуны иҟан, уаҟа ақьала наргыланы нхара далагоит, ақыҭанхамҩа инапы алакын, дуасҭа бзиан", — лҳәоит Кьецԥҳа.