Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Лили Ҳагԥҳа зхатәгәаҧхарала еибашьуаз ирызкны: уалны рҿаԥхьа иҳаду рацәоуп

© Sputnikабызшәадырыҩ Лили Ҳагԥҳа
абызшәадырыҩ Лили Ҳагԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәа рзы Нхыҵ Кавказынтә Зхатәгәаҧхарала еибашьуаз, Аҧсны ахақәиҭреи ахьыҧшымреи зхы ақәызҵаз ирызку ашәҟәы "Их души тают над горами" автор, абызшәадырыҩ Лили Ҳагԥҳа Sputnik арадиостудиаҟны дазааҭгылеит Зхатәгәаҧхарала еибашьуаз ирызку лгәалашәарақәа.
Лили Ҳагԥҳа Зхатәгәаҧхарала еибашьуаз ирызкны

"Ашәҟәы аҿы зыӡбахә ҳәоу афырхацәа зегьы иаԥсоуп хаз-хазы иалкааны рыӡбахә аҳәара. Ҳәара аҭахыума дара зегьы рыхьыӡқәа аԥсуа жәлар ирдырарц ахәҭоуп. Иҟаҳҵахьоу ыҟазаргьы, ирацәоуп рҿаԥхьа иаҳуалны иҟоу. Сышәҟәы аҟны ианысҵаз Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа хԥа рыҟнытәи аҷкәынцәа рҭоурыхқәа роуп иану", — лҳәеит Ҳагԥҳа.

Аҧсны аибашьра иалахәын ҩ-нызқь инареиҳаны зхатәгәаҧхарала еибашьуаз, урҭ рахьтә 260 –ҩык инареиҳаны Аҧсны ахақәиҭреи ахьыҧшымреи рхы ақәырҵеит. 


Ажәабжьқәа зегьы
0