Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арҵаҩы: Владимир Анқәаб иԥсҭазаареи ирҿиареи ижәлар рлахьынҵа иадҳәалан

© Sputnik / Томас ТхайцукАхра Анкваб
Ахра Анкваб - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәабран 23 аҽны ашәҟәыҩҩы, апоет, иналукааша аԥсуа патриот Владимир Анқәаб 90 шықәса ихыҵуазаарын. Ирҿиаратә мҩеи, аԥсуа литератураҿы илагалеи ртәы Sputnik арадиостудиаҟны дазааҭгылеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа литература акафедра аҿы еиҿкаау, Владимир Анқәаб ихьӡ зху акабинет аиҳабы, аҧсуа литература акафедра аусзуҩы Ахра Анқәаб.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Ахра Анқәаб ашәҟәыҩҩы Владимир Анқәаб ирҿиара иазкны

"Владимир Анқәаб иԥсадгьыли иуаажәлари рзы аџьабаа маҷымкәа иибахьан, иара иаамҭазы аԥсуаа раԥхьагылаҩцәа дыруаӡәкын,  уи зыршаҳаҭуа акоуп аԥсуа жәлар акыр ашәарҭара ианҭагылаз, урҭ ринтересқәа рыхьчараз 1978 шықәсазы, 130-ҩык рнапы зҵаҩны усҟантәи Асовет ҳәынҭқарра аиҳабыра рахь ишьҭыз ашәҟәы иара инапгьы ахьаҵаиҩыз", — иҳәеит Анқәаб.
Зыԥсҭазаареи зырҿиареи зегьы зыжәлар рлахьынҵа иадҳәалаз Владимир Анқәаб акьыԥхь аҿы дцәырҵуеит 1954 шықәсазы. Апоезиатә еизгақәа иҭижьыз иреиуоуп: "Сышьха ӡиас" (1958), "Бзыԥ аԥшаҳәа" (1960), "Сышьха хыҵырҭа" (1971), "Асхыс" (1975), "Иалкаау" (1987), иажәеинраалоу ароманқәа "Абрыскьыл", (1960) "Ааԥыни анаҟәи" (1980). Владимир Анқәаб афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа ахьӡ ихьчеит аԥсуа поема азҵаарақәа рыла.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0