Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Смыр: Ԥсҳәы инхо ауааԥсыра алшара рзаԥаҳҵеит алхрақәа иалахәххарц

Анапаҵаҩра
Аҟәа араион Ԥсҳәы ақыҭаҿ инхо ауааԥсыра алшара рзаԥаҳҵеит Урыстәыла ахада иалхрақәа абжьаҭара иалахәххарц, иҳәеит ҭелла Аҟәа араион ахада Валери Смыр.
Смыр: Ԥсҳәы инхо ауааԥсыра алшара рзаԥаҳҵеит алхрақәа иалахәххарц

"Ишыжәдыруа еиԥш Аҟәа араион дууп, арахь иаҵанакуеит Ԥсҳәы ақыҭагьы, уа инхо ауааԥсыра ирҭаххеит Урыстәыла ахада иалхрақәа абжьаҭара иалахәххарц. Ҳара иҳалшоз зегьы ҟахҵеит, аҳаираплан шьҭны Ԥсҳәы иқәынхо, абжьаҭаразы азин змоу Аҟәатәи алхырҭатә ҭыԥ ахь иааҳгеит", —  иҳәеит Смыр.

Хәажәкыра 18, ашьыжь асааҭ 8.00 рзы Аԥсны иахьаҵанакуа иаатит алхырҭатә ҭыԥқәа 20, Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа рыбжьы рҭиирц ахьрылшо.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0