https://sputnik-abkhazia.info/20180412/laglaa-tirktilanti-ahakimsa-apsnika-raara-azgutoup-1023640979.html
Лагәлаа: Ҭырқәтәылантәи аҳақьымцәа Аԥсныҟа раара азгәаҭоуп
Лагәлаа: Ҭырқәтәылантәи аҳақьымцәа Аԥсныҟа раара азгәаҭоуп
Sputnik Аҧсны
Анталиа имҩаԥысуаз Адунеизегьтәи аконгресс - цәыргақәҵа еизнагеит 165 ҳәынҭқарра рҟнытә ҩ-нызқьҩык инареиҳаны асасцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан Аԥсны... 12.04.2018, Sputnik Аҧсны
2018-04-12T15:21+0300
2018-04-12T15:21+0300
2018-04-12T15:26+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102364/42/1023644247_0:0:5560:3143_1920x0_80_0_0_65e3c6defb8d5e5278944eaeba123498.jpg
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2018
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102364/42/1023644247_0:0:5560:3493_1920x0_80_0_0_1320c14454787c89cc168cc0a5715983.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Лагәлаа: Ҭырқәтәылантәи аҳақьымцәа Аԥсныҟа раара азгәаҭоуп
15:21 12.04.2018 (ирҿыцуп: 15:26 12.04.2018) Анталиа имҩаԥысуаз Адунеизегьтәи аконгресс - цәыргақәҵа еизнагеит 165 ҳәынҭқарра рҟнытә ҩ-нызқьҩык инареиҳаны асасцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан Аԥсны ахаҭарнакцәагьы. Ареспубликатә хәышәтәырҭа ашьадатә хирургиа аҟәша аиҳабы Ҭимур Лагәлаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны уи алҵшәақәа дырзааҭгылеит.
"Ҭырқәтәыла ҳаҟазаара аамҭа иалагӡаны ҳџьынџьуаа ирыбзоураны еиҿкаан еиуеиԥшым ахәышәтәырҭақәа рнапхгаҩцәеи ҳареи ҳаиԥыларақәа. Сҭамԥылтәи ахәышәтәырҭақәа рҿы ҳнеины иҟоу аҭагылазаашьа ҳбартә еиԥш алшара ҳаман. Ҳрабадырит ҳзанааҭ иадҳәаланы аус зуа ҳџьынџьуаа, дара Аԥсныҟа иааны ацхыраара шҳарҭо атәы азгәарҭеит", — иҳәеит Лагәлаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.