Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Адлеиба: арепортиор ашәарыцаҩ диҩызоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСемен Адлейба
Семен Адлейба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
50 шықәса инацны Аԥсуа радио аҟны аус зухьоу ажурналист Семион Адлеиба арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит раԥхьатәи ианҵамҭа аҭоурых, изанааҭ иара изы ҵакыс иамоу. Лаҵара 7 рзы Урыстәыла иазгәарҭоит арадио амш. Уи аҽны 1895 шықәсазы иналукааша аурыс физик Александр Попов иаԥиҵаз арадиосистема ӡыригеит.
Адлеиба: арепортиор ашәарыцаҩ диҩызоуп

"Арепортиор ашәарыцаҩ бзиа диҩызоуп, ашәарыцаҩ аԥыхьашәа аниоуа ыҟоуп, иуҳәозар, ила ажьа анакуа ыҟоуп, аха ила ажьа амкыкәа дшашьҭоу дылҭахәаша даманы ианцогьы  ыҟоуп. Ажурналистгьы убри диҩызоуп, зны иқәманшәалахоит, аҽазных ҽакала.  Арадио аҟны усҟан ҩыџьа-хҩы аус ҳуан, атехника аҽакала иҟан. Алента метрак аҟны хәыџьара –фыџьара аҷабгала еиԥаҳшьуан. Иахьа ҳтәылаҟны арадиоқәа рхыԥхьаӡара иацлеит, урҭ рҟны аус зуа аҿаԥыц зҿоу ыҟоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Семион Адлеиба.

Ажәабжьқәа зегьы
0