Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арсалиаԥҳа: Москватәи ҳаамҭазтәи аҟазара институти ҳареи ҳаимадара ҳарӷәгәеит

© SputnikЭльвира Арсалия
Эльвира Арсалия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москватәи ҳаамҭазтәи аҟазара институти Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә культуратә ҭынха ахьчареи аминистрреи русеицура атәы зҳәо, аиқәшаҳаҭра нап аҵаҩуп. Иарбан лшарақәоу ирнаҭоу уи ақәшаҳаҭра атәы лҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.
Арсалиаԥҳа: Аԥсны иҟам азаанаҭқәа рыла Москва аҵара ҵара алшара ҟалоит

"Ари аинститут аҿы аԥсуа студентцәа аҵара рҵоит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла. Ари ақәшаҳаҭра иаҳнаҭоит алшара Аԥсны иҟам азанааҭқәа рыла ҳхәыҷқәа аҵара рҵартә еиԥш. Уи адагьы ҳкультура аусзуҩцәа ирылшоит анаҩс рҵара иацырҵарц. Аинститут аҿы аҵара аҵаразы аԥара хшәаатәуп, аха иҟоуп еиуеиԥшым апрограммақәа ахәԥса аларҟәра алзыршо, уи аҟнытә ари аҭагылазаашьа бзиоуп ҳара ҳзы ҳәа иҳаԥхьаӡоит", — лҳәеит Арсалиа арадио Sputnik Аԥсны иалҭаз аинтервиу аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0