Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьениа аҟазацәа Аккизоваа рцәыргақәҵа иазкны: аинтерес зҵоу аграфика ӡыргоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукВиталий Джения
Виталий Джения - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҟабарда-Болкариатәи аҟазацәа Сииареи Иақәыби Аккизоваа рцәыргақәҵа аҟазара абзиабаҩцәа рзы азҽлымҳара аиуеит, иҳәеит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Џьениа Аккизоваа рцәыргақәҵа иазкны

"Дара рдунеихәаԥшышьа, рыԥсҭазаара, рааигәара имҩаԥысуа ахҭысқәа, асиужетқәа роуп иаарԥшу русумҭақәа рҿы. Апеизажқәа дара рҿы имаҷуп. Даара аинтерес зҵоу аграфика ыҟоуп. Ҳара ари аҟазара ахырхарҭа аганахьала ҳаԥсыҽуп. Дарбанзаалакгьы ацәыргақәҵахь инеиуа аусумҭақәа еиликаартә иҟоуп. Ԥшшәыла, доуҳала, ԥсабарала аума рҟазара ҳаракуп", — азгәаиҭеит Џьениа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0