Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳагԥҳа аҵарауаҩ Виачеслав Бганба изкны: илаԥш, иажәа, ихшыҩ ҳагыуп

© SputnikЛили Хагба
Лили Хагба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Лили Ҳагԥҳа Sputnik аефир аҟны абызшәадырҩы, Аԥсны афырхаҵа Виачеслав Бганба дылгәалалыршәо иазгәалҭеит ҳтәылаҟны имҩаԥысуаз аҳҭысқәа зегьы згәаҵанӡа иназгоз патриотын ҳәа. Виачеслав Бганба диижьҭеи иахьа 65 шықәса ҵит.
Ҳагԥҳа аҵарауаҩ Бганба изкны : илаԥш, иажәа, ихшыҩ ҳагыуп

"Ҳҩыза Слава аҭҵаарадырреи ауаажәларратә уси еилеигӡон. Иара инакәызаалак Аԥсны аҩныҵҟа, уи акәша-мыкәша имҩаԥысуаз ахҭысқәа зегьы уамашәа игәы иасуан. 1977 шықәсазы аҭыԥ рыман аполитикатә еибарххарақәа, Славик уи аамҭа инаркны амцашыра далагылан", — лҳәеит Ҳагԥҳа.

Аҵарауаҩ иазгәалҭеит Виачеслав Бганба  иҟамзаара иҩызцәа иахьагьы ӷәӷәала ишырныруа.

"Слава Бганба иҭыԥ ҳабжьара иахьа уажәраанӡа иҭацәны инханы иҟоуп. Хара иҳагыуп иара илаԥш, иажәа, ихшыҩ", — ҳәа азгәалҭеит Лили Ҳагԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0