Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Барцыцԥҳа ашәҟәы "Абааҭатәи аццышәқәа" иазкны: ихыҭҳәаау ажәакгьы аным

© Sputnik / Илона ХварцкияБелла Барциц
Белла Барциц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҩажәижәабатәи ашықәсқәа рзы харада хара рыдҵаны ирӡыз 160-ҩык аԥсуаа рҭоурых зныԥшуа ашәҟәы "Абааҭатәи аццышәқәа" автор Белла Барцыцԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит ашәҟәы ихыҭҳәаау ажәакгьы шаным.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Барцыцԥҳа ашәҟәы "Абааҭатәи аццышәқәа" иазкны

"Абри ашәҟәы мызқәак раԥхьа ишҭыҵызгьы иахьа уажәраанӡа адунеи абеит ҳәа ихысҵаӡом, убри аҟынӡа ихьанҭаз анысмҩа ианызгеит абри ашәҟәы. "Арӡара", "Абааҭатәи абахҭа" – абарҭ ауаз ажәақәа аҵакгьы шысзымдыруаз, схәыҷы аахыс исыцын, исыцызҳауан. Саб иашьцәа хҩык, дырӡхьан, сабгьы 17 мшы Абаататәи абахҭаҿы ддыргәаҟуан. Ари ашәыҟәаҿы ихыҭҳәаау ажәакгьы аным", — ҳәа азгәалҭеит Барцыцԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ашәҟәы "Абааҭатәи аццышәқәа" аҭоурых шәаԥхьар ҟалоит абра>>>

 

Ажәабжьқәа зегьы
0