"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Боџьгуа аԥсшьаҩцәа рыдкылашьа иазкны
"Ԥшьы-шықәса ҵуеит Аԥсныҟа иааиуа аԥсшьаҩцәа рзы аныҟәарақәа еиҿыскаауеижьҭеи. Игәасҭахьеит, ақыҭаҿы аԥсшьаҩцәа иаҳа иреиҷаҳауеит, ақалақь аҿы аасҭа. Аԥсшьаҩы сасҵас изныҟәоит. Уи даараӡа акыр аҵанакуеит, аԥсшьаҩы игәы ҟаҵатәуп, иԥсшьараамҭа ибзиан ихыигартә еиԥш аҭагылазаашьа изаԥҵатәуп", — ҳәа азгәалҭеит Боџьгәуаԥҳа.