Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бигәаа Ацуныҳәара иазкны: аԥсуа жәлар рытрадициатә ныҳәароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукВалерий Бигуаа
Валерий Бигуаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Изакузеи Ацуныҳәара, ианбазгәарҭо, насгьы ҵакыс иамоузеи, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит аетнолог, аҭоурыхҭҵааҩ Валери Бигәаа.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Бигәаа Ацуныҳәара иазкны

"Аԥсуа жәлар рытрадициатә дин аҟны иҳамоуп аныҳәақәа жәабаҟа. Убырҭ иреиоуп Ацуныҳәара, мамзаргьы ацуҭа инхо рныҳәара. Ацуҭа ҳәа изышьҭаз амца еимыздоз ауаа ракәын. Аца – уи амцоуп. Ҳара ҳҿы ацуныҳәара аан изымҵаныҳәоз адыди амацәыси рынцәахәы, Афы ҳәа изышьҭаз иакәын. Аныҳәараҿы аамҭа бзиа иаҳәоит, ақәа анаҭаху иауа, амра анаҭаху иԥхо, уи моу, адгьыл ҵысра ҟамло, адгьыл џьара имбго, машәыр ҟамло, уҳәа абарҭ зегьы ирыҳәоит.  Ари аныҳәа егьырҭ излареиԥшым, егьырҭ ҭаацәашәала, мамзаргьы абиԥарала иазгәарҭозар,   Ацуныҳәара ацуҭа иаланхо ауаа еиднакылоит", — ҳәа азгәеиҭеит Бигәаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Абри атемала еиҳа инарҭбаау аинформациа шәоур шәҭахызар, шәаԥхьар шәылшоит Валери Бигәаа иҿцәажәара>>

Ажәабжьқәа зегьы
0