Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Дасаниа: ҳҵас, ҳқьабз аҭҵааразы иаҳзыԥҵәоу аамҭа маҷуп, ҳагәжәажәароуп

© SputnikДавид Дасания
Давид Дасания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхҭҵааҩ, ажурналист Давид Дасаниа ардио Sputnik аефир аҟны иҳәеит аԥсуа –адыга жәларқәа еицырзеиԥшу архив аԥҵараҿы аццакра шаҭаху.
Дасаниа: ҳҵас, ҳқьабз аҭҵааразы иаҳзыԥҵоу аамҭа маҷуп, ҳагәжәажәароуп

"Аԥсны ахы-аҵыхәа Егрыи-Ԥсоуи рыбжьара зегьы ҭҵааны иҳамоушәа згәы иаанагоугьы дыҟоуп, аха уи ус акәым. Аҵас ақьабз аныҟәгаҩцәа,  иҿацаӡа издыруа, забиԥарақәа рҭоурых здыруа, изызҳәоу маҷӡам. Убарҭ ҭҵаатәуп. Аамҭа ҳацәмаҷуп, Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа, ашьхарыуаа, ҳашьцәа адыгаа рыҭҵааразы аамҭа иҳзыԥҵәоу даараӡа имаҷуп, ҳагәжәажәароуп, ҳаццакыроуп, уи ада ԥсыхәагьы ыҟам. Иахьа иҟоу уаҵәы иԥсы ҭаӡам. Аамҭа иагахьоу рацәаӡоуп, аҭоурых иаҳцәыӡхьоу рацәоуп. Егьырҭ ажәытә жәларқәа реиԥш хара анкьаӡа анбан ҳаман, ҩба-хԥа нызқь шықәса рапҳьа, аха иаҳцәыӡит, ус еиԥш ҳмыхьроуп ҩапҳьа", — ҳәа азгәеиҭеит Дасаниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0