Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Какоба еиҭеиҳәеит Аԥсны ашколқәа аҵарашықәс ҿыц иахьынӡазыхиоу атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукАдгур Какоба
Адгур Какоба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит ҳтәыла ашколқәа аҵарашықәс ишазыхиоу атәы.
Хра злоу ахҭысқәа: Какоба аҵарашықәс ҿыц иазкны

"27400-ҩык ахәыҷқәа 156 школ Аԥсны ахы-аҵыхәа иҳамоу рахь ицоит. Раԥхьаӡа акәны иахьа ашколқәа рахь имҩахыҵит 2500-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа. Сынтәа 1950-ҩык рзы аҵарашықәс анҵәамҭазы игоит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы. Аԥсны ашколқәа зегьы аҵаҩцәа рыдкылара иазыхиоуп. Иҟоуп рҭагылазаашьа еиӷьхындаз ҳәа ззуҳәо ашколқәа. Еиҳарак урҭ ақыҭа школқәа роуп, аха дара зҵазкуа араионқәа рылшарақәа зеиԥшраз ала ашколқәа зегьы ацхыраара рыҭоуп, наҟ-наҟгьы урҭ ацхыраара роулоит. Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи ишьақәнарӷәӷәаз 15 арҵага шәҟәы ҿыц иҭыжьын ҳтәылаҿы", — ҳәа азгәеиҭеит Какоба.

Ажәабжьқәа зегьы
0