Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аԥшьлааԥҳа: Захарова иазгәалҭеит аԥхьаҟагьы ҳазхарҵаларц азы ҳаҩныҵаҟа акзаара шхадароу

© Sputnik / Томас ТхайцукМилана Абшилава
Милана Абшилава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны адипломатцәа ҿарацәа рхеилак ахаҭаранкцәа Оренбург имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи аҵарадырратә форум ралахәхара атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажеит ари аусмҩаԥгатә иалахәыз Милана Аԥшьлааԥҳа.

Аԥшьлааԥҳа: Захарова иазгәалҭеит аԥхьаҟагьы ҳазхарҵаларц азы ҳаҩныҵаҟа акзаара шхадароу
"Жәларбжьаратәи аҵарадырратә форум "Евразиа" цәыббра 4 инаркны 10-нӡа имаҩԥысуан. Уа ҳаҟазаара иалагӡаны ателецҳала дықәгылеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова. Уи азҵаара лаҳҭартә алшара ыҟан. Уи схы иасырхәарц сыӡбеит, Шьамтәылатәи Арабтә Республика Аԥсны ахьыԥшымра ахьазханаҵаз Урыстәыла хәшьарас ианаҭо иазкын сызҵаара. Уи анаҩсгьы Мрагылара Ааигәатәи аҳәынҭқаррақәа рҟынтәи иарбақәан ҳхьыԥшымра азхазҵар зылшо ҳәагьы азҵаара ықәсыргылеит, аҭакгьы саҳаит. Иара азҵаарақәа алырԥшаауан, 77 тәыла рхаҭарнакцәа рызҵаарақәа рҟынтәи изықәшаҳаҭхаз иреиуан сызҵаарагьы. Захарова иазгәалҭеит ҳҳәынҭқарра аԥхьаҟагьы иазхарҵаларц азы ҳаҩныҵаҟа акзаареи аидгылареи шхадароу", — лҳәеит Аԥшьлааԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0