Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гыцба: Индиеи Аԥсныи ажәларқәа доуҳала еизааигәазаргьы, хылҵшьҭрала еиԥшым

© Sputnik / Томас ТхайцукИнал Гыцба
Инал Гыцба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирант Инал Гыцба арадио Sputnik аҟны иазгәеиҭеит Индиеи Аԥсныи дунеик иахьану аҟынтә еиныруазҭгьы, хылҵшьҭрала еизааигәаны ибом ҳәа.
Гыцба: ажәларқәа доуҳала еизааигәазаргьы, ҳылҵшьҭрала еиԥшым

"Индиа Кавказ иацәыхароума? Археологиа аҟынтәи амифи аепоси рахь" захьӡу алекциа ахәашаҽны Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҟны даԥхьеит аурыс ҵарауаҩ аиндолог Иарослав Васильков.

"Сара сҭоурыхҭҵааҩӡам, аха иагьа удыруандаз, иуԥырхагаӡам. Ҳәарада, аԥышәа змоу аҵарауаҩ иҟынтә иуаҳауа гәахәара дууп, ухаҭа алкаақәа ҟауҵоит. Имҩаԥысыз алекциа азҿлымҳара аҳҭеит, избанзар амҩаԥгаҩ иқәиргылеит азҵаарақәа адунеи еибаркны измоу акультура амилаҭкәа зегьы ныррас ианаҭо, насгьы дара ишырныруа. Аԥсуа-дыга хылҵшьҭрақәа Индиатәи ацивилизациеи дареи реинырра зыхҟьаз иазааҭгылан.  Ара иааԥшит акультура, аҭоурых, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа, ҳәарада алекциа азҿлымҳара аман.Уеизгьы-уеизгьы ажәларқәа зегьы еизааигәоуп доуҳала, аха ҭоурыхла, хылҵшьҭрала еизааигәам, аха аинырра ҟарҵоит, избанзар дунеик аҟны ҳаҟоуп. Хылҵшьҭрала   Индиеи ҳареи ҳаизааигәаны сыздыруам, сгәаанагарала аԥсуа жәлар рышьаҭа Аԥсны ауп иахьыҟоу", — иҳәеит Гыцба.

Ажәабжьқәа зегьы
0