Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ԥлиаԥҳа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан еиҿкааз "Аԥсны аҳәса реидгыла" иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукДалила Пилия
Далила Пилия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан еиҿкааз "Аԥсны аҳәса реидгыла" аусура атәы арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит уи аиҳабыс иҟаз Далила Ԥлиаԥҳа.
"Хра злоу ахҭысқәа": Ԥлиаԥҳа аибашьраан еиҿкааз аҳәса реидгыла атәы

"Аибашьра еибашьроуп, аха уи анаҩсгьы еибашьуа рыбӷа ӷәӷәазароуп. Урҭ ирыдгыло, ирыцхраауа ыҟазароуп. Убри азоуп изеиҿкаазгьы аҳәса рхеилак. Аҟәа иалахаз ауниверситет аусзуҩцәа сентиабр аҽеиҩшамҭазы Гәдоуҭа ҳнанагеит. Иҟан уи аԥхьа, иара убас уи ашьҭахьгьы инанагаз. Аибашьцәа ҳазлаарыцхраауа еиҿкаарак ҟаҵатәуп ҳәа агәаанагара сыман. Белла Давыдова-Қьецба дсықәшәеит, иааигәаны дсыздыруамызт, аха лыӡбахә саҳахьан. Лара Аҟәатәи апионерцәа рыҩны деиҳабын, аҿар ртеатр "Юность" деиҳабын. Сыгәҭакы анласҳәа дақәшаҳаҭхеит. Аҵыхәтәаны агәыԥ ҟалеит. Уи иалан Емма Ҳагԥҳа, Мимоза Цикәытаниаԥҳа, Светлана Оҭырԥҳа. Зегь раԥхьа хықәкыс иҳаман Аԥсны иҟалаз арыцҳара адунеи ауааажәларратә еиҿкаарақәа дырдырра. Аԥсны иҳадгыланы еибашьуаз, иҭахаз рынарцәымҩа рықәҵаразы амаҭәа аҭахын, еиҿкаатәын. Иара убас ицоз аполитикатә еибафаразы, аиҿкаарақәа рахь ашәҟәқәа ҩҩны идәықәҵалатәын. Адунеитә еиҿкаарақәа аус рыцура аԥышәа аӡәгьы иҳамамызт. Зҵаарак шзызцәырҵлак Даур Барганџьиа иахь сыҩны сцон, аҵара иман, Голландиа аус иухьан. Ф-нызқь инареиҳаны ашәҟәқәа еизаагеит,  Еиду Амилаҭқәа реиҿкаарахь иҳашьҭуан. Абасҟак ашәҟәы рацәа анеиза, ирыдрымкылар алшомызт. Аџьар Ҟаԥшь иалаз ираҳҭон, урҭ рнаҩс адинхаҵара аганахьала иаауаз. Шьаҭанкыла ақырҭқәа Аԥсны рнырҵәара еиҿкаан ҳәа ақырҭуа ган ирҳәоз Еиду Амилаҭқәа реиҿкаараҟны ирыдрымкылеит. Аибашьра уи ауаҩы изин еилагароуп, аҩ-ганкгьы ауаҩы изин еиларгеит ҳәа азгәарҭеит", — лҳәеит Ԥлиаԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0