Дбарԥҳа: Иура Аргәын еснагь гәыҵхас иман аԥсуа диаспора
"Иури Гәыдиса-иԥа инапхгарала Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәшаҟны аусура салагеит, насгьы Аҳәынҭкараатә университет Аԥсны аҭоурыхи археологиеи ркафедраҟны. Иара акыр аџьабаа рыдибалахьан астудентцәа. Аҭоурыхтә факультет аҟны еиуеиԥшым иҷыдоу акурсқәа дырзаԥхьон. Даара ибзианы амаҭәар идыруан, астудентцәагьы ргәы иаахәаны изыӡырҩуан, идирҵаз рацәоуп аҭҵаарадырра аганахьала. Акырӡа дрызгәаҟәуан, хьаас иман ҳдиаспора. Есымша иҳәон еилатәарак ҳауцыԥхьаӡа, иԥсаҟьаны адунеи иалаԥсоу ҳауаажәлар абра иааны ҳаицнымхар ӷьацара ҳауӡом ҳәа. Убасҟак иҵауланы дазхәыцуан абри азҵаара", — лҳәеит Дбарԥҳа.