Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ӡиӡариа: аԥсуаа амшын жәытәлагьы ишадҳәалаз абызшәа иаршаҳаҭуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукОтар Дзидзария
Отар Дзидзария - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵарауаҩ, здоктортә усумҭа амшынтә лексикологиа иадҳәалоу Оҭар Ӡиӡариа арадио Sputnik аҟны иазгәеиҭеит амшынтә лексика ҳбызшәаҟны ишиаӡаауа. Амшын Еиқәа Жәларбжьаратәи амш азгәарҭоит жьҭаара 31 рзы.

"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Ӡиӡариа аԥсуаа рымшынтә лексика иазкны
"Аԥсуа бызшәаҟны амшынтә лексика ииаӡӡауа иреиуоуп. Уи амзызқәа ируакуп, амшын аҿықәаҟны инхоз ҳажәлар амҳаџьырраан ихыҵны ицар ахьакәхаз, атрагедиа дуун аан ихҵәеит. Аха ус ишыҟалазагьы, ашьха иахьаԥну инхоз алада илбаазгьы ирацәаны ирдыруан амшын иадҳәалаз алексика. Иахьа 300-400 ажәа еиҳаны ҳхы иаҳархәоз ажәақәа ҳаԥшааит. Урҭ рахьынтә иҟоуп зынӡа аԥсуа шьаҭа змоу, убас иҟоу ижәытәӡатәиу ажәақәа рхыԥхьаӡара 200 рҟынӡа инаӡоит. Уи иаҳәо даара ирацәоуп. Абызшәаҟны иаанханы иҟоуп, уи џьаргьы иузгом", — иҳәеит Ӡиӡариа.

Ажәабжьқәа зегьы
0