Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Шамԥҳа онлаин акурсқәа ирызкны: зхатәы бызшәа зымҵаз рзы лшара бзиоуп

© Sputnik / Илона ХварцкияАза Шамба
Аза Шамба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсшәа онлан идзырҵо арҵаҩы Аза Шамԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны иазгәалҭеит акурсқәа злашьақәгылоу жәаа урок анхыркәшахалак, зҵара иацызҵар зҭаххо ус еиԥш алшара рыҭара иазхәыцхоит ҳәа.
Шамԥҳа онлаин акурсқәа рзы: зхатәы бызшәа зымҵаз рзы лшара бзиоуп

"Хҩык, хәҩык рҟынӡа аҵаҩцәа идурҵозар уи уадаҩра амаӡам, иреиҳамзароуп. Насгьы бзиарас иҟоу аурок аҟны ҳаицәажәара ҭаҩҩны, уи ашьҭахь ишьҭрақәланы  иазыӡырҩыртә алшара рымоуп. Иаԥсыуаны  зхатәы бызшәа зымҵаз рзы, ари лшароуп. Жәаа урок рыла ихдмыркәшозар рҵара, иацырҵарц агәаҳәара роуазар, даҽа темақәак рыла ишьақәыргыланы иацаҳҵар ҟалоит. Сара ҳәашьа сымаӡам жәаа урок рыла дцәажәеит, уажәшьҭа уаҳа акгьы иҭахым ҳәа. Еснагь иҿыцу ак ҳҵоит, уи зҳәо ажәлар урылазароуп, ухы иауырхәозароуп. Уажәы иаҳку ашәҟәы уи ала инҵәоит. Абызшәа дырҵараан ашәҟәы ишаҳәо мацара акәымкәа аҵаҩцәагьы рҭахрақәа срызхәыцуеит еснагь, урокцыԥхьаӡа иҿыцуп. Абызшәа арҵара акурсқәа рхыркәшамҭаз иҟаҵахоит аихшьаалақәа, ԥышәарак иахыжьхоит, аршаҳаҭгақәа рыҭахоит", — лҳәеит Шамԥҳа.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0