Арсалиа еиҭалҳәеит Санкт-Петербург напы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭра иазԥхьагәанаҭо атәы
"2019 шықәса рзы лымкаала иарбоуп: ҳҟазаратә коллективқәа реимадара, иара убас атеатртә гастрольқәа, есышықәса Аԥсны имҩаԥысуа абаҟақәа рыхьчаразы аконференциа, иара убас асахьаҭыхыҩцәа реидгыла 80 шықәса ахыҵра иазкны инарҭбаауа аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа Урыстәыла амҩаԥгара. Ари аиқәшаҳаҭра ашықәс анҵәамҭазы ҳнапы аҵаҳаҩҩуеит, усҟан иаҳа инарҭбааны иаҳзаарышьҭуеит аинформациагьы. Аиқәшаҳаҭра иабзоураны иалыршахоит адунеи акультуратә ԥсҭазаараҿы иҟоу аҿыцрақәа рбара ", - ҳәа азгәалҭеит Арсалиа.