Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Барцыц: агәамбзиаразы ахаҵа агәкажьра инимырԥшроуп, аԥсҭазаара дазықәԥалароуп

© Фото : предоставленно Джамалом БарцыцДжамал Барцыц
Джамал Барцыц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зымаха-зышьаха еибгам ашьапылымпыл асыҩцәа ркоманда аиҿкааҩ, Леон иорден занашьоу Џьамал Барцыц арадио Sputnik аҟны иазгәеиҭеит ауаҩы, еиҳаркгьы ахаҵа згәабзиара ааха амоу, агәкажьра инимырԥшроуп, аԥсҭазаара еснагь дазықәԥалароуп ҳәа.
Барцыц: агәамбзиаразы ахаҵа агәкажьра инимырԥшроуп, аԥсҭазаара дазықәԥалароуп

Маха-шьахала зылшарақәа ԥку ауаа  Жәларбжьаратәи рымш ҳәа иԥхьаӡоуп ԥхынҷкәын 3.

"Аибашьраҟны сҩызцәеи сареи ахәра ҳауит. Уи анаҩс Гагра маха-шьахала зылшарақәа ԥку рассоциациа аиҳабыс аус зуан. Иҳаҳаит атәылахьчара аминистрра  ахраҿа шдырхәмаруаз зыма-зышьаха еибгам ашьапылымпыл асыҩцәа рыбжьара. Аҷкәынцәа еидыскылеит, Шәача ҳцаны ахәмарра еиҿызкаауаз ҳрацәажәеит, ҳахәаԥшит, раԥхьа изакәызгьы ҳаздыруамызт. Сынтәа жьҭаарамзазы 15 шықәса ахыҵит ҳкоманда. Арҭ ашықәсқәа рзы иҟоуп ицаз, ашьапылымпыл ахәмарра иаҳзааз. Аԥсҭазаараҿы аинтузиазм злоу среиуоуп, с-Аԥсны иахәо сгәы азыбылуеит. Ауадаҩрақәа рацәоуп , аха ари аус азы сгәы касыжьуам. Иахьазы жәеизаҩык ҳаҟоуп акомандаҟны. Ауаҩы ихәыҷқәа дрызхәыцроуп, аиааира иаҳгаз нагӡаны иаҳбар ҳҭахуп, агәкажьра ҟалом. Уамашәа избоит ахаҵа игәы анкаижьуа, ииашоуп амамзаара ыҟоуп, аха аԥсуа иҭоурых, ихаҵара ихамшҭроуп. Аҿар ааӡатәуп, ахәыҷқәа аҵара ахьырҵо ҳнеины ҳахәмарлоит. Иахьа умаха-ушьаха еибгамзаргьы, акы уаҿызароуп. Ҳгәы каҳажьыр ҟалаӡом, ҳажәлар маҷуп, ҳаԥсадгьыл ԥшӡа аӡәы имгарц  ҳаҽҳарӷәӷәароуп зегьы",-иҳәеит Барцыц.

Аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0