Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Занҭариаԥҳа амҵәышәымпыл азы ачемпионат иазкны: акомандақәа алҵшәа бзиа аадырԥшит

© Sputnik / Томас ТхайцукЖанна Зантария
Жанна Зантария - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абаҩрҵәыреи аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахаҭарнак Жанна Занҭариаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы Аԥсны амҵәышәымпыл азы Ачемпионат алҵшәақәа реихшьаала ҟалҵеит.
Занҭариаԥҳа Аԥсны амҵәышәымпыл азы ачемпионат иазкны: акомандақәа алҵшәа бзиа аадырԥшит

"Афиналтә хәмаррақәа даара ибзиан, аинтерес рыҵан. Ахԥатәи, аԥшьбатәи аҭыԥқәа рзы еицлабуан Тҟәарчали Бзыԥи ркомандақәа. Ахԥатәи аҭыԥ ааныркылеит бзыԥаа. Актәи, аҩбатәи аҭыԥқәа рзы ихәмаруан Аҟәа ақалақьи Очамчыра араиони. Очамчыраа даара ҳдыргәырӷьеит, урҭ 25 шықәса ҵуеит ачемпионат аҿы актәи аҭыԥ аанырымкылеижьҭеи. Ачемпионат аҿы зхы бзиан иаазырԥшыз ахәмарыҩцәа рыла еиҿкаахоит Аԥсны амҵәышәымпыл азы еизгоу акомандагьы", — ҳәа азгәалҭеит Занҭариаԥҳа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0