Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәыркәынаа апроект "Ахьӡ архынҳәра" азы: акурсантцәа ргәы ақәкны аус ду иаҿуп

© Sputnik / Томас ТхайцукКуркунава Беслан
Куркунава Беслан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥштә арратә ҵараиурҭа аиҳабы, акаԥдан Беслан Кәыркәынаа арадио Sputnik аҟны далацәажәеит апроект "Ахьӡ архынҳәра" Аԥсны амҩаԥысшьа.
"Хра злоу ахҭысқәа": Кәыркәынаа апроект "Ахьӡ архынҳәра" иазкны

"Апроект "Ахьӡ архынҳәра" аханатәгьы адгылара анаҭеит атәылахьчара аминистра. Зегьы ирдыруеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду атәы. Аԥхьа апроект ианалагоз хәыҷык ирцәыцәгьан знапы алакыз акурсантцәа, аха анаҩс иаҳа-иаҳа ирыцааиуа иалагеит. Рхы-ргәы ақәкны ауп аус ишазнеиуа. Аԥышәагьы дырҳаит, сынтәа рус иаҳа алҵшәа амоуп. Ааигәа Очамчыра ақалақь аҟны зыхабар еилкаамыз 26-ҩык аибашьра ицаз рышәҟәқәа еизганы рҭаацәа, мазаргьы ирзааигәоу аӡәы дааԥхьаны рнапаҟны ирырҭеит. Ари ус дууп ҳәа агәаанагара сымоуп. Аԥхьаҟа иаанхаз 170-ҩык рыԥшаара иаҳагьы имариахар ҟалап, иахьазы акурсантцәа рус маншәаланы, ргәы ақәкны ишаҿу ала", —ҳәа азгәеиҭеит Кәыркәынаа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ҩышықәса ҵуеит апроект "Ахьӡ архынҳәра" Аԥсны аус ауеижьҭеи. Уи хықәкыс иамоуп — Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны итҟәаз, хабарда ибжьаӡыз Аԥснытәи аибашьцәа  лахьынҵас ироуз рҭаацәа, рыуацәа деилыркаара. Апроект Аԥсны имҩаԥысуеит атәылахьчара аминистрра ацхыраарала.

Аԥснынтә Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз рҟынтә аа-нызқьҩык хабарда ибжьаӡыз рсиаҟны иарбан. Еилкаахеит, урҭ рахьынтә 320-ҩык анемеццәа итҟәаны иҭадырхаз роуп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0