Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәыҵниаԥҳа илҳәеит мчыбжьык ахь знык аҿарацәа Аҟәа акино шыддырбо

© Sputnik / Томас ТхайцукАҳҭнықалақь аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилак аспециалист хада Есма Кәыҵниаԥҳа
Аҳҭнықалақь аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилак аспециалист хада Есма Кәыҵниаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳҭнықалақь аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилак аспециалист хада Есма Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аҟны илҳәеит аҿар рзы мҽышала, кинофильмк ахәаԥшразы аҭагылазаашьа шаԥҵоу.
Кәыҵниаԥҳа илҳәеит мчыбжьык ахь знык аҿарацәа Аҟәа акино шыддырбо

"Ҳаилак аҟны акыр ҵуеит иаартуижьҭеи  аҿар рклуб. Иҳаӡбеит мчыбжьык ахь знык аҿар рыԥсы ахьыршьаша ҭыԥк аҳасабала акиноклуб ҟаҳҵарц. Дара еизаны ирыӡбоит изхәаԥшырц ирҭаху акиносахьа. Уи ахәаԥшра мацара акәӡам, афильм иахцәажәоит, иргәаԥхаз алыркаауеит. Мчыбжьык ахь знык, аԥсшьарамшқәа раан ҳактив мацара иалахәу ракәым агәаҳәара змоу аҿар ааир ҟалоит ҳаилак ахь. Ҳара ҳашәқәа есымша иаартуп", - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.

Лара иазгәалҭеит аҿар еиҳарк ҿыц иҭыҵуа афильмқәа шалырхуа. Убасгьы илҳәеит сынтәа Фазиль Искандер ииубилеитә шықәсазы иҩымҭақәа рыла иҭыху афильмқәа шыддырбо аҿарацәа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы. 

Ажәабжьқәа зегьы
0