Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳашыг "Эхо Абхазии" азы: аԥсуа кьыԥхь аԥсҭазаара ханарҭәаауеит

© Sputnik / Бадрак АвидзбаРуслан Хашиг
Руслан Хашиг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг арадио Sputnik аҟны далацәажәеит 25 шықәса зхыҵыз Аԥсны раԥхьатәи ихьыԥшым агазеҭ "Эхо Абхазии".
Ҳашыг "Эхо Абхазии" азы: аԥсуа кьыԥхь аԥсҭазаара ханарҭәаауеит

"Агазеҭ "Эхо Абхазии" иахьа иҳамоу акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа рҟынтәи аибашьра ашьҭахь раԥхьаӡа акәны иҳәынҭқарратәым еиҿкаарак аҳасабала аҭыжьра далагеит аредактор Витали Шариа. Иара аус иухьан "Советская Абхазия", "Республика Абхазия" агазеҭқәа рҟны, аԥышәа бзиа змоу, злагамҭа ажурналистика аҟны ихатәроу иоуп. Аҭыжьра раԥхьа далагеит аҳәаанырцә, Урыстәыла Аԥсны иазкны иркьыԥхьуаз анҵамҭақәа рыла. Усҟан агазеҭкәа, ажурналқәа Аԥсныҟа иааӡомызт аимадарақәа зегьы аанкылан, иара ихаирҭәааит ауаа акьыԥхь ахь иаадырԥшуаз азҿлымҳара. Иара убас иахкьыԥхьааны иҭижьуаз азҿлымҳара змаз анҵамҭақәа рзы иара игәаанагара ациҵо далагеит. Иахьа аҭыжьымҭа 25 шықәса ахыҵуеит, аԥсуа кьыԥхь аинформациатә ԥсаҭазаара хазырҭәаауа акәны иҟоуп, даара азҿлымҳара зуҭаша амҩа ианысит. Иҟан иара ахала ахы анныҟәнагоз, иахьа аредакциа иреиӷьу аамҭа иҭагылам. Иҭабуп ахаҳҳәаауеит Аԥсны аҳәынҭқарратә биуџьет аҟны шьҭа хышықәса раахыс анҵамҭа ахьыҟоу иҳәынҭқарратәым акьыԥхь адгылара, ацхраара азыҟаҵаразы. "Эхо Абхазии" егьырҭ агазеҭқәа реиԥш иахьа мчыбжьык ахь знык аԥхьаҩцәа ироуртә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟоуп", - иҳәеит Ҳашыг.

Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг агазеҭ "Эхо Абхазии" аредактор хада Витали Шариа аԥхьа днаргыланы 25 шықәса ирылагӡаны уи аҭыжьра иазааԥсоз зегьы иара убас аԥхьаҩцәеи агазеҭ аиубилеи рыдиныҳәалеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0