Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Какоба: ачымазара ҿкы ахьаарԥшу аклассқәа рҿы акарантин алаҳәаразы аҳәара ҟаҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАдгур Какоба
Адгур Какоба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтә аҵара аҟәшақәа реиҳабацәа алархәны имҩаԥган аилацәажәара ахьҭалаларақәа ирыхҟьаз аҭагылазаашьа зеиԥшроу аилкааразы. Аԥсны аҵара аминситр Адгәыр Какоба арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит аҿкы чымазара змоу ашколхәыҷқәа ахьтәаз аклассқәа рҿы акарантин алагаларазы агәабзиарахьчара аминистррахь аҳәара шыҟарҵаз.
Какоба: аҿкы чымазара ахьаарԥшу аклассқәа рҿы акарантин алаҳәаразы аҳәара ҟаҵоуп

"Аҳәара ҟаҳҵеит аҿкы чымазара ахьыҟоу аклассқәа рҿы акарантин аларгаларц, уи азы иахәҭоу аусқәа мҩаԥыргарц. Иҟоуп иара убас акарантин ахьалагалоу азеиԥш ҵараиурҭақәа, иаҳҳәап, Мархьаултәи абжьараатә школ алагарҭатә классқәа рҿы, уа ахәыҷқәа чмазаҩцәаны ишьақәыргылаӡам, аха иахьымныҟәо иахҟьаны Гәылрыԥшь араион асанитартә –епидемиологиатә станциа иаӡбеит аклассқәа русура аанкылара. Ашкол "Альфаҿы" иара убас иаанкылоуп аҵара процесс. Ҳара иахьазы аҭагылазаашьа злаабо ала, 20% ашколхәыҷқәа чмазаҩцәаны иҟам, аха аҵаҩцәа рыбжьара ааҩык аҿкы чымазаҩцәа ахьыҟоу ашәарҭара ҳазцәырнагоит, дара-дара еибарчмазыҩуеит ҳәа. Ачымазара аҽацәыхьчаразы имҩаԥаагоит иахәҭоу аусурақәа, арҵаҩцәаеи амедиаҳәшьацәеи ахәыҷқәа ргәабзиара иацклаԥшуеит. Аха ессааира ичмазаҩу ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара иацлоит ҳәа ҳазҳәом, ҳара иаҳбо асахьалеи агәабзиарахьчара аминистрра иҳарҭо аинформациа алагьы", - ҳәа азгәеиҭеит Какоба.     

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0