Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба "Дәрыԥшьтәи аизара ду" иазкны: инагӡаны иҭҵаатәуп

© Sputnik / Томас Тхайцукаҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба
аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәабран 18 инаркны 26-нӡа 1931 шықәса рзы Дәрыԥшь ақыҭан имҩаԥысуан ажәлар реизара ду. Уи иалахәыз рхыԥхьаӡара ҩажәа нызқьҩык инаӡон. Ажәлар реизара мзыс иамаз атәы арадио Sputnik аҟны дазааҭгылеит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба.
"Хра злоу ахҭысқәа": Аҩӡба Дәрыԥшьтәи аизара ду иазкны

Мыш рацәа ицоз аизара зыхҟьаз ауаажәлар аколхоз ахьырҭахымыз мацара акәымызт, Қырҭтәыла алалара иахьаҿагылозгьы ауп ҳәа иԥхьаӡоит аҭоурыхҭҵааҩ.

"Аизара Дәрыԥшь имҩаԥгатәуп ҳәа ацәажәара ахьцәырҵыз Лыхны ақыҭан аԥсхәрак аҟны ауп, уи амза 14 рзы акәын. Аколхоз ҳақәнагеит ас аҭагылазаашьа ҟалом ҳәа ацәажәара ахы ыҵнахит. Аха амза 18 изақәдыршәеи? Избанзар жәабран 19 рзы Қырҭтәыла имҩаԥысуан асессиа Аԥсны автономиак аҳасабала Қарҭ алалара атәы зыӡбараны иҟаз. Аԥсны акәзар уи заанаҵы еиҿыркаахьан Қарҭҟа ирыдыркыларц, аха амза 19 рзы ишьақәдырӷәӷәар акәын. Аизара амҩаԥшаразы жәаа рзы еизеит, уи иҳанаҳәо рацәоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны ишәаҳар шәылшоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0