Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габниа еиҭеиҳәеит Џьырхәа рҳаблаҟны аԥсрақәа раан ԥҟарас изықәныҟәо

Назырбей Габния
Назырбей Габния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Қьаазым Агрба ихьӡ зху Џьырхәатәи абжьаратә школ адиректор Назырбеи Габниа адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны еиҭеиҳәеит рҳаблаҟны арыцҳараан зегьы еицырзеиԥшу аԥҟара шаԥырҵаз.
"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Габниа Џьырхәа рҳаблаҟны изықәныҟәо аԥҟара атәы

"Ҳахьеилоу аҳаблаҟны 68 ҭӡы ҳаҟоуп. Жәлала уа иаҳа ирацәоу Гыцааи Габниааи 13-13 ҭӡы ҳаҟоуп. Абарҭ ҳажәлақәа рҟны аиҳабацәа ҳаилацәажәеит. Аҩы - аҵәца иаҳа ихәыҷу ала аныҳәаҿа аанаҳкылалап, аҩбатәи ус ӡышхәас иахаҳжәлап, иахьӡалааит ҳәа зқьаф ҟазҵар зҭаху уи аҳәашьа иҽақәиршәоит, ахыԥхьаӡарагьы иԥшаауеит. Ачара чароуп, уи аԥшәма дшеиҿнамкаауа ибар, ихала иҽникылоит. Арыцҳара  иақәшәаз ицәыӡыз даҳзаагаӡом, аха уи ашьҭахьгьы изынхаз изныҟәымго дҟамларц ҳазхәыцит. Уи аԥхьа Оҭҳара ақыҭан Багаҭелиаа - Чқәыл-иԥацәа ахьеилоу иаԥшьыргахьан ус, ҩымзҟа ракәын иҵуаз. Уа арыцҳарақәа ахьыҟалаз ҩыџьара чгьахьамзар (ача, арҵәы, аиаҵәара, анаша, аџьымшьы, аӡыржәтәқәа), убасгьы  аҩы, ауаҭка рыда аишәа акгьы адыргаломызт. Уи ацҭәы ахылҿиааит, аха ҩыџьара еиламгаӡакәа иааргеит. Ҳаргьы урҭ  рышьҭра ҳақәлап, иаҳхьыԥшыша ҟалап, ҳҭибагап ҳәа азыҳаӡбеит. Аҳабла зегьы ааидкыланы ҳрацәажәеит, иныҟәзымгаз урыцҳара уара ишузынҳажьуа агәра ганы уҟаз, ухыи-умаҵи зеибауазар  ишуҭаху, ҳара аҳабла ус ҳамаӡам, агәара ҳҭыҵны ҳашцо ҳәа еибаҳҳәеит", - иҳәеит Габниа.

Иара иазгәеиҭеит ус еиԥш аԥҟара аԥҵәара ауадаҩрақәа шацыз, аха еиқәырханы ишаарго.

Ажәабжьқәа зегьы
0