Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Чачхалиа: ақырҭцәа еиқәдырҽаҽаз ҳҭоурых рҽеитәуп

© Foto / Из личного архива Дениса ЧачхалияДенис Чачхалиа
Денис Чачхалиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа шәҟәыҩҩы, аҭоурыхҭҵааҩ Денис Чачхалиа ааигәа иҭижьыз Аԥсны аҳ Баграт II изку аочерк арадио Sputnik аҟны дахцәажәо, иҳәеит аԥсуа ҳәынҭқарра аҭоурых аҭҵаара ишациҵо, хаз иҟоу ашәҟә ду аҭыжьра игәы ишҭоу.
Чачхалиа: ақырҭцәа еиқәдырҽаҽаз ҳҭоурых рҽеитәуп

Москва аҭыжьырҭа "АКВА-Абаза" аҟны иҭыҵит Денис Чачхалиа иҭоурыхтә очерк "Аԥсны аҳра. Баграт II иаамҭа. 978-1014 шш."

"Сгәы иҭоуп ари аус ацҵара, избанзар аԥсуа Багратидцәа ирызкны уажәтәи аочерк 36 даҟьа амоуп. Уи сорчекқәа рахьтә раԥхьа иҭыҵыз ауп. Зынӡа дара рхыԥхьаӡара 15-16 рҟынӡа иҟалоит, анаҩс иааидкыланы ишәҟә духоит.

Ҳаибашьра еилгеижьҭеи аамҭа акыр ҵит, аха иахьа уажәраанӡа аԥсуа хдырраҿы ареволиуциа ҟамлаӡеит. Абри ақырҭцәа рнапаҵаҟа ҳаныҟаз, ҳнаԥшы-ааԥшуа ҳшьапы шҳаргылоз ҳаанхеит аԥсуа ҭоурыхҭҵаараҟынгьы. Усҟан иҩын амцрақәа, иҟалап ҽакала ԥсыхәа ыҟамзаргьы, убасҟак иҳақәыӷәӷәон. Уи ашьҭахь "оф, гәышьа" ҳәа аԥсуаа ианырҳәа, акаамеҭ ҟарҵозар ҟалап ҳәа Аԥсны здыруаз дарбанзаалак агәаанагара иоуан, аха акымзарак, ҳшыҟац ҳаанхеит. Ари сышәҟәы абри атема арцыхцыхра иазкуп, ҳара ҳзы егьырҭ ирҳәоз актуалра зҵоу азҵаарақәа рырҽеира иазкуп. Сара мацара уи ҟасҵоит ҳәа сызҳәаӡом. Уажәы дцәырҵит аҭҵааҩ бзиа Наала Касланӡиаԥҳа, лара дызлацо мҩа бзиоуп. Абарҭ (ақырҭуаҭҵааҩцәа - аред.) еиқәдырҽаҽаз зегьы мырҽеикәан, ҳара ҳхаҿгьы ииашамкәан ауп аԥсуа ҳәынҭқарра ахаҿра шыҟоу", - ҳәа азгәеиҭеит Чачхалиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0