Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Сақаниа: асахьатә галереиа иазалху ахыбра ҵәымыӷкгьы аларымҵацт

© Sputnik / Томас ТхайцукСурам Сакания
Сурам Сакания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амилаҭҭә сахьаҭыхратә галереиа аиҳабы Сурам Сақаниа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит акыр шықәса раԥхьа ирзалхыз ахыбра иахьа уажәраанӡа ҵәымыӷкгьы адҵам ҳәа. Аҳәынҭқарратә сахьатә галереиа аԥҵоижьҭеи иахьа 55 шықәса ҵит.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Сақаниа асахьатә галереиа ахыбра иазкны

"Ауалафахәы уигьы аусура иатәуп, иазгәасҭар сҭахуп, ҩынтә-хынтә ишацырҵахьоугьы иахьа уажәранӡа, зеиԥшла иугозар, 5 нызқьи 200 мааҭ роуп иҟоу. Хымԥада, ҳара иҳазҳәаӡом ҳҽынеиҵыхны бзиа иаабо аҭҵаарадырра, аҟазара ишаҭаху, иахьынӡаҳҭаху алҵшәа аарԥшны аус ҳуеит ҳәа. Аусумҭақәа иаҳьынӡауа ҳархылаԥшуеит иԥхасҭамхарц, аха ауадаҩрақәа ҳамоуп. Иахьазы иааизакны ԥшь-нызқь инарзынаԥшуа аусумҭақәа ҵәахны иҳамоуп. Аҳәынҭқарратә галереиа аамҭала асахьаҭыхыҩцәа рыҩны аҩбатәи аихагылаҟны  иҟоуп. Владислав Арӡынба дзықәшаҳаҭны ахатә хыбра ахьыҟалаша ҳәа иаҳзалху аҭыԥ аҟны аргылара 2004 шықәса раахыс иахьанӡа  ҵәымыӷк алаҵаӡам. Уи аԥхьа ахыб ԥсахын, аихагылақәа рыбжьара иқәырҭәаны идырӷәӷәеит, аха анаҩс ҵәымыӷкгьы аларымҵеит. Уимоу, агалереиаҟны аус зуа, асахьаҭыхратә ҵараиурта иҭаз, егьыс асахьаҭыхыҩцәа ҳацырхырааны ҩынтә иаҳрыцқьахьеит, аха иахьа шәнеир аҭыӡҭыԥ аҟны Аҟәатәи ажәабатәи абжьаратә школ аԥхьа ижәбоит закәытә бноу игылоу", - иҳәеит Сақаниа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0