Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Виолетта Маан: "Аҳәынҭқар ҟьантаз" аҿы ахәмарра сара схы-сгәаҿы инхеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВиолетта Маан
Виолетта Маан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 26 рзы Аԥсны Жәлар рартистка Виолетта Маан иазгәалҭоит лиубилеи, актриса илхыҵит 80 шықәса. Лара лхы-лгәаҿы иаанхаз лроль атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит.
Виолетта Маан: "Аҳәынҭқар ҟьантаз" аҿы ахәмарра сыԥсҭазаараҿы кыр зҵазкуаны иҟалеит

"Раԥхьатәи сусумҭа аԥсуа театр аҿы Нелли Ешԥҳа иқәлыргылаз "Аҳәынҭқар ҟьантаз" ауп, уа дыхәмаруан Лео Касланӡиа, иара аҳәынҭқар ироль наигӡон, сара апринцесса лроль сыхәмаруан. Сара исыман ус еиԥш анасыԥ ду - Лео Касланӡиа ду сивагыланы ахәмарра. Абри сара сыԥсҭазаараҿы акырӡа зҵазкуаз рольны иҟан, иара уажәгьы убри атекст уаасазҵаар, исҳәоит аҷҷаҳәа, убысҟак сгәы-сыԥсы алаҵаны, убысҟак схаҿы инхеит убри аспектакль ахәмарра. "Аҳәынҭқар ҟьантаз" ала Нелли Ешԥҳа хьтәы нбанла лыхьӡ ҭалҩит аԥсуа ҟазараҿы. Убри инаркны рыцыхәмарра салагеит аиҳабыратә абиԥара актиорцәа", - азгәалҭеит Маан. 

 Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.   

Ажәабжьқәа зегьы
0