Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Табаӷәуа анаркотикқәа рылазырҵәо рзы: иаанаҳамкылар, ҳҳәынҭқарра ҳцәыӡуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукБаҭал Табаӷәуа
Баҭал Табаӷәуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа рсессиаҿы анаркотикатә маҭәашьар рылазырҵәо ашьра рықәҵара аларгалеит. Ари азакәан апроект арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы ахҳәаа азыҟаиҵеит адепутат Баҭал Табаӷәуа.
Табаӷәуа анаркотикқәа рылазырҵәо рзы: иаанаҳамкылар, ҳҳәынҭқарра ҳцәыӡуеит

"Ҳәарада, иахьатәи аҭагылазаашьа злаҟоу ала, даара ирӷәгәоуп ари аус. Избанзар, аҿар ақәгара иаҿуп арҩашьыгеи ахәшәи. Ҳара ҳхәынҭқарра хәыҷуп, ҳус даара ицәгьоуп, ҳара уи аанаҳамкылар ҳҳәынҭқаррагьы ҳцәыӡуеит. Аҿар аныҟамла, изуҭахи аҳәынҭқарра? Ауаа ирылагаланы аҭиразы ауаҩы иԥсы ахьынӡаҭоу дҭакызаауеит. Ҳәарада, еиҟәыгоуп зхазы иаазгои аҭиразы иаазгои ҳәа. Ашьра иқәҵоуп иаанагоу убри ауп, ашьра иқәуп аха дҭакуп. Ашьра закәанла ҳара ҳҿы анагӡара ақәӡам азы. Уажә иҳадаҳкылаз азакәан убас ирӷәӷәоуп, амнистиа иақәшәо ҳәа азакәанқәа анрыдыркыло, урҭ ауаа аҵанаклаӡом. Ашьра анагӡара аморатори ахырхыр, усҟан, ҳәара аҭахума, азакәан нагӡахоит", - азгәеиҭеит Табаӷәуа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0