Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәба еиҭеиҳәеит Таиф Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа анашьара аԥҟарақәа ртәы

© Sputnik / Томас ТхайцукАрда Ашәба
Арда Ашәба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәыҷқәеи ақәыҧшцәеи ирызку алитература арҿиараҿы алагалазы Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху Аҧсны Аҳәынҭқарратә литературатә премиа анашьаразы акомиссиа ирыланаҳәоит апремиа аиуразы аконкурс шаарту. Абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит акомиссиа ахантәаҩ ҿыцс иалху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Арда Ашәба.
Ашәба еиҭеиҳәеит Таиф Аџьба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа анашьара аԥҟарақәа ртәы

"Уажәшьҭатәи апремиа иаҵанакуа аамҭа 2016, 2017 , 2018 ашықәсқәа рзы акьыԥхь збахьоу, хаз шәҟәны иҭымҵзаргьы, ажурналқәа "Амцабз", "Алашара", "Аҟәа" рҿы аԥсышәала иҩу мацара аҩымҭақәа. Апремиа рылаҳәоуп ххырхарҭак – апроза, апоезиа, адраматургиа аҿы иҩуа, ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рзы мацара аҩымҭақәа аԥызҵо рыбжьара. Хымԥада, аицлабара ҟалоит, аиндаҭлара ҟалоит, ус еиԥш иҟоу ашәҟыҩҩцәа рҩымҭақәа рацәаны иадыргалоит, аха хырхарҭак аҿы усумҭак ауп изауа. Акомиссиа маӡалатәи абжьыҭирала еиҳау абжьы зауз ауп апремиа занашьахо. Ара иҟаӡам ақәратә категориа. 2020 шықәса рзы иҟалоит апремиа анашьара", - азгәеиҭеит Ашәба.

Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба иазгәеиҭеит Таиф Аџьба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа 50 000 мааҭ шызыԥҵәоу.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0