Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Соломко: аԥсабара аиҷаҳара аекологцәа мацара ракәӡам изду

© Sputnik / Томас ТхайцукМурман Соломко
Мурман Соломко - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсабара ахьчареи аекологиеи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Мурман Соломко арадио Sputnik аҟны иазгәеиҭеит ауаҩы дшыхәыҷу аԥсабара аиҷаҳара шилааӡатәу.
"Атәылауаҩи аиҳабыреи": Соломко аԥсабараҟны агәамсам акажьра иазкны

"Ҳусуцәа имҩаԥыргеит ареид Гәылрыԥшь араион аҟны. Аӡиасқәа Кәыдры, Кьалашәыр рыкәша-мыкәша аҟәараҿы инаганы агәамсам карыжьуеит. Уи ахылаԥшра аҭатәуп, аекологцәа рымацара ари аус рыдыжьлара ҟалом. Уи аӡиас ахьыиасуа аҭыԥ қыҭак, раионк иатәуп. Уаҟа аиҳабыс иҟоугьы аекологиа есымша хылаԥшра аиҭалароуп. Агәамсам икарыжьуа акәзар ахимиа иалху амаҭәарқәа ибаауам, иԥсуам, аԥсабара иаԥырхагоуп. Ари аус ауаҩы дацхраароуп, иахьахәҭам агәам акаԥсара даара ҳарԥшӡом. Абри апроблема ауаа ишыхәҷу идеилыркаалатәуп, асоциум аҟны, ақалақь аҟны рхы шымҩаԥыргаша дырҵатәуп. Ҳаԥсабара инакәызаалакгьы иԥшӡоуп, аха уажәы аԥхаррақәа аныҟалалак ақалақьуаа еизаны машьынала аԥсабарахь ицоит, акрырфоит, акрыржәоит, рыԥсы ршьоит. Амала ирцәынхо уа аҭыԥ аҟны изаанрыжьрыи, рмакәанқәа иҭаҵаны изырымгари", - ҳәа азгәеиҭеит Соломко.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0